Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы Ҭаҷкәым искульптура еиҭашьақәдыргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы Ҭаҷкәым искульптура еиҭашьақәдыргылоит
Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы Ҭаҷкәым искульптура еиҭашьақәдыргылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри адагьы иазԥхьагәаҭоуп Сухумприбор ахыбра аҭӡаҿы иамоу амозаикатә панно иқәырханы аиҭашьақәыргылареи.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Ацәгьоуцәа аԥхасҭа зырҭаз Ҭаҷкәым искульптура еиҭашьақәыргылахоит ҳәа аҳәоит аҳҭнықалақь ахадара аофициалтә саит аҟны.

Аскульптура ҩышықәса раԥхьа аԥхасҭа аҭан: аӡы назышьҭуаз амеханизм ԥҽын, аскульптура ахаҭагьы аҭыԥ иахыган. Аусумҭа автор, асахьаҭыхыҩ, аскульптор Архип Лабахәуа ихаҭа амеханизм данахәаԥш еилкаахеит аскульптура ахаҭа ықәганы аусурақәа шымҩаԥгатәу.

Ажәытәтәи амозаика: Сухумприбор апанно аҭагылазаашьа - Sputnik Аҧсны
Ажәытәтәи амозаика: "Сухумприбор" апанно аҭагылазаашьа

Уи адагьы иҟоуп ақалақь ахы-аҵыхәа аскульптура маҷқәа, еиуеиԥшым аахақәа змоу. Урҭ ҭагылазаашьа гәаҭан.

"Рҭагылазаашьа гәаҭан "Пингвин", арепрессиақәа зызуз рбаҟа, Саида Делԥҳа илызку абаҟа, уа ашәҟәаҟынтәи аҩыга ӷьычын. Урҭ аԥхасҭақәа еиҭашьақәыргылоуп", - ҳәа аҳәоит асаит адырраҭараҿы.

Абри адагьы иазԥхьагәаҭоуп "Сухумприбор" ахыбра аҭӡаҿы иамоу апанно аиҭашьақәыргыларагьы.

Аҳҭнықалақь асахьаҭыхыҩ хада Ҭемыр Ҟаитан иажәақәа рыла, апанно еиқәырхахоит. Иара аԥҵаҩы Игор Радченко иԥа иаб аус здиулаз асмальта еиқәырханы иман. Уажәы уи аиҭашьақәыргылараан рхы иадырхәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0