Баша зыԥсҭазаара мҩамсуа: Гагра араион аҳақьым хада Виачеслав Аргәын иҭоурых

© Foto / фото предоставлено Саидой ЖибаВячеслав Аргун
Вячеслав Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зааԥсара аҳәынҭқарреи, ауаажәлари ахә ҳаракны иршьо "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым" Виачеслав Аргәын иҭоурых Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿ.

Ауаҩы иҭаацәараҟны даныманшәалоу, инапы злаку аус аниқәҿиуа иԥсҭазаара баша имҩасуам, уи насыԥ имоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Иахьа зыӡбахә сымоу афырхаҵагьы убарҭ дреиуоуп.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Виачеслав Забеҭ-иԥа Аргәын диит Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан, хьӡи-ԥшеи змаз аҭаацәараҟны. Забеҭи, иԥшәмаԥҳәыс Нелли Нанԥҳаи ирааӡеит хәҩык ахшара: хҩык аԥацәеи, ҩыџьа аԥҳацәеи.

Ахшара иреиҳабыз Виачеслав Афонтәи абжьаратә школ ашьҭахь, дҭалоит Аҩада Уаԥстәылатәи амедицинатә институт. Наҟ-наҟ иара иҿырԥштәы иацныҟәоит иеиҵбацәа, Аргәынаа рҭаацәара абиԥара ҿа.

Венера Чагәаа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара ахәыҷқәеи акультуреи ирзызкыз

Виачеслав дшыхәыҷызнатә аҳақьым изанааҭ ихшыҩ азцон, ҷыдала ахирургиа. Хәмаршақәгьы ихы ԥишәахьан ари ахырхарҭаҿы.

"Ҳабду Мусҭафа Аргәыни, ҳанду Ҭинаҭ Аҩӡԥҳа ақыҭаҿы анхамҩа ныҟәыргон, рырахә, рышәахә уҳәа зегьы рыла ибеиан. Ҳаргьы рмоҭацәа аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа иаабон, хәмаргас иҳаман. Ҽнак ҳакәҷышь ахәдацәҳәа ахәда ахәыл ҿаҵак кылахан, иҟәиҭӡа илатәеит. Саҳәшьеиҳабы Наҭеллеи сареи ҳанду азин лымхны ҳҽазаҳшәеит аиқәырхара. Лара иаҳцәымцарц ирӷәӷәаны илкын, сара ауаҭка ахьшьны аԥаҵасага аҿы (лезвие-аред.) ала ахәда ԥҟаны, ахәыл аҿаҵа ҭыганы арахәыц еиқәаҵәала изӡахит. Еиқәхаз акәҷышь санду илшьит аинститут санҭала, убриаҟара шықәса аԥсы ҭан", - раԥхьатәи ихәмарратә аоперациа игәалашәоит аҳақьым.

Виачеслав Аргәын амедицинатә ҵараиурҭа ашьҭахь, 1972 шықәсазы Аҟәа, ареспубликатә хәшәтәырҭа ашьаҭала ахирургиазы аинтернатура дахысуеит. Убасҟан иагьымҩаԥигоит раԥхьатәи аоперациа. Ахирург қәыԥш икьатеилашә ԥиҟоит 80 шықәса зхыҵуаз абырг. Адырҩаҽны, агазеҭ "Советская Абхазия"  раԥхьатәи адаҟьаҿы "Гиппократ иҿаԥхьа ҭоуба шьҭеиҵеит" ҳәа Виачеслав Аргәын иҭабуп ҳәа иаҳәауа ачымазаҩ аредакциахь иишьҭыз ашәҟәы анылеит.

Курорт Пицунда в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Лӡаа "ауыӷә" рхызхыз

"Ашарԥазы, асааҭ 4 реиԥш аҩныҟа сааит. Сани саби сшьаҿақәа рмаҳарц азы ԥшьала сшьапԥынҵа сықәгыло суадахь снеит. Аха дара ицәамзаарын, исзыԥшын. Минуҭқәак рышьҭахь суада ашә аартны саб дыҩналеит, сара сыцәашәа ҟасҵеит, иԥхасшьеит асҟатәи аамҭа ҵуаны аҩны сахьааиз. "Узыцәам здыруеит, ухы шьҭых" иҳәан, алашара аркны саԥхьа днатәан, инапы иакыз, ҽнак аԥхьа иԥысҟаз ачымазаҩ истатиа зныз агазеҭ аԥхьара далагеит. Уи убас сирҽхәон, сацкыз еиӷьыз аҳақьым дыҟамшәа. Хымԥада саб игәы иахәеит абырг сганахь иааирԥшуаз аџьшьара, аха дааԥышәырччан "сара сеиԥш уидыруандаз, ас иҩуазар сымбарызеи" иҳәеит. Иахьагьы ианысгәалашәо, ацәаныррақәа срымҽхаркуеит. Ех, саб рыцҳа…", - ажәабжь еиҭеиҳәоит Виачеслав Забеҭ-иԥа.

Изанааҭ ала Виачеслав Аргәын аус иухьан Гәдоуҭатәи ацентртә араионтә хәшәтәырҭаҟны, анаҩс 1978 шықәсазы диасуеит Гаграҟа. Араҟа акраамҭа ахирургиатә ҟәша аординатор еиҳабыс дыҟан.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Виачеслав Забеҭ-иԥа иколлективи иареи ирылшаз рацәоуп ҳаибашьцәа рыԥсҭазаара аиқәырхараҿы. Иашьа гәакьа, Лиова Аргәын иакәзар афронт иазааигәоу агоспиталь аҳақьым хадас дыҟан.

"Абри асааҭ азы ҳаибашьцәа ажәылара иалагоит, шәыҽшәырхиа ҳәа Лиова адырра аныҟаиҵалак, Афонтәи агоспиталь ахь ҳцон Гагрантәи. Аоперациатә зал ҳаныҩналоз, адырҩаҽны акәын ҳандәылҵоз", - игәалашәоит аҳақьым.

Афонтәи агоспиталь аҿы мацара Виачеслав Аргәын ихала имҩаԥигеит 1937 аоперациа, убас 30 ампутациа. Аибашьра еилгаанӡа ахирург Афонтәи арратә госпиталь аҿы аҳақьым хадас дыҟан. Ахәцәа идикылон Гагратәии, Гәдоуҭатәии агоспитальқәа рҿгьы.

© Foto / фото предоставлено Саидой ЖибаГагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа
Баша зыԥсҭазаара мҩамсуа: Гагра араион аҳақьым хада Виачеслав Аргәын иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа

Ҳаиҿцәажәара иалагӡаны, ахирург инаҵшьны иазгәеиҭеит, "уԥсадгьыл бзиа иубароуп ужәлар ангәаҟуеи, иангәырӷьоуи ҳәа". Убри азоуп инапы злаку аус аџьшьара зацу. Иахьа иара игәаламшәогьы ауаа ааины, "ҳаԥсы еиқәурхеит" ҳәа ҭабуп рҳәоит. "Баша сыԥсҭазаара" мҩасуам, саҟара сыцырҵоит арҭ ажәақәа ансаҳауа", - илабжыш иҿықәыҳәҳә еиҭеиҳәоит иара.

Гәырам Шьоууа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҳақьым Шьоууа изанааҭ азы: ишыҟаҵәҟьоу здыруазҭгьы, сацәшәаргьы ҟаларын ианалсхуаз

Виачеслав Забеҭ-иԥа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, бжьышықәса ареспублика аҳақьым хадас дыҟан. Анаҩс Гагратәи ацентртә араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хадас дшьақәырӷәӷәан, ари амаҵура иахьагьы дахагылоуп.

Виачеслав Аргәын иҳәоит иарбан занааҭзаалак, раԥхьа иргыланы ауаҩы ихшыҩ дшақәгәыӷша.

"Аамҭа ԥхьаҟа ицацыԥхьаӡа ицәырҵуа иалагеит ауаҩы изанааҭ аҟны ицхыраагӡахо атехника. Аха раԥхьа иргыланы удыррақәа урықәгәыӷроуп. Иаҳҳәозар, анкьа аҳақьымцәа, ҷыдала ахирургцәа ачымазаҩ ихьуаз рнапала илакьысны ииашаны ишьақәдыргылон. Уажәы рыхшыҩ аџьабаа адырбар рҭахӡам. Аҳақьым рыҩбагьы қәҿиарала ихы иаирхәар, хымԥада зыԥсы еиқәхо рацәаҩхоит", - ҳәа иациҵоит иара.

Виачеслав Аргәын ахирургиа инапы алакуижьҭеи имҩаԥигахьоу аԥҟарақәа уажәшьҭа иузыԥхьаӡом.

Амедицина атәы ззымдыруа, ианцәажәо, акьатеилашә зегь раасҭа имариоу операциоуп рҳәоит. Аха аҳақьым иҳаилиркааит, уи убас аҽарцәгьар шалшо, ачымазаҩ дузеиқәмырхартә еиԥш. Виачеслав Забеҭ-иԥа имҩаԥигахьоу аԥҟарақәа жәаминуҭк инаркны, иаҳҳәап аҳәашьҳа акәзар, убас 6-7 сааҭынӡа данадхало ыҟоуп.

"Ачымазаҩ акьыба имазар, усҟан аамҭа рацәаны иаҭахуп, аиҳарак икьатеи аҿы. Урҭ ҭыганы, ачыреи иоунажьыз адацқәеи амхны рҭыԥ ахь инаганы иӡахтәуп. Амала аиаша ҳҳәозар, лассы уздхалоу аоперациақәа роуп еиҳа сыхшыҩ зызцо", - еиҭеиҳәоит ахирург.

Гагра ақалақь - Sputnik Аҧсны
Исҿыҵшәаз ажәа "саб"

Аҳақьым иԥышәаҟны иҟалахьеит аоперациа цонаҵы, мамзаргьы анаркоз иалымҵкәа зыԥсҭазаара иалҵхьоу ачымазаҩцәагьы. Аха уи иаанагаӡом ахирург иоуп изхароу ҳәа. Ауаҩы ианаамҭоу аҳақьымцәа рахь имааира, насгьы ихьуа зеиԥшроу еиԥш, ичымазара ахы шымҩаԥнаго, уҳәа изыхҟьо амзызқәа рацәаӡоуп.

"Аҳақьым дынцәаӡам. Хымԥада ауаҩы иԥсҭазаарахь ирхынҳәразы илшо зегь ҟаиҵоит, аха аамҭа ианахыԥо, амедицина анамыхәо ҳәа акы ыҟоуп. Саргьы сан лыцар ашьацара ианалага дԥысҟеит, аха иаанымгылакәа, ус анаркоз далымҵкәа снапаҟны лыԥсы лхыҵит. Уи аԥхьаҟа зықьҩыла ауаа ршьапы иқәыргыланы, сан сзылмыхәеит. Шәара шәазхәыц сыҩнуҵҟатәи ацәаныррақәа зеиԥраз…", - ихьаа атәы дазааҭгылоит Виачеслав Аргун.

Гагратәи ацентртә араионтә хәшәтәырҭа далацәажәо, аҳақьым хада иазгәеиҭеит уи аҭагылазаашьа шыуашәшәыру. Аҟәшақәа зегьы акапиталтә ремонт рыгуп, џьара-џьара иахьымҩаԥгазгьы иажәуа иалагеит. Акадрқәа разымхара иҵару зҵаароуп.

"Ареаниматолог аӡәы иоуп иҟоу аҟнытә, Урыстәылантәи ҩыџьа ааԥхьара раҳҭеит. Иҳамаӡам иҷаԥшьо атерапевтцәа. Аҟәантәи иаҳзаауеит агинекологцәа. Пицундатәи ахәшәтәырҭа уи зынӡа аныӡӡаара амҩа иануп. Ас еиԥш иҟоу апроблемақәа Аԥсны араионқәа зегь рҿы иуԥылоит, аха иаарласны аԥсуа медицина ашьапы иқәымгылар, егьа ҳзанааҭ ҳазҟазазаргьы ҳчымазаҩцәа агәрагара рцәыӡуеит. Иара усгьы иҳадҵаало маҷхеит, Урыстәылаҟа, ма егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь ицоит. Ашықәс иалагӡаны ҳраион аҿы ииз ахшара рхыԥхьаӡарагьы ашьақәыргылара ауадаҩрақәа ацлеит, анацәа реиҳараҩык Шәачатәи ахшараиурҭа иадҵаалоит аҟнытә", - игәы изырхьуа атәы далацәажәоит аҳақьым хада.

Алмасхан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Алмасхан Барцыц: Пицундатәи ахәшәтәырҭа иԥшьоу мчык амоуп

Виачеслав Аргәын ахәшәтәырҭа аҟнытә иԥсы изыршьо акәны иҟоуп ашәарыцара. Аамҭа-аамҭала ашәарах азы ашьхаҭыԥқәа рахь иҭыҵуеит. Ҳаиҿцәажәара иалагӡаны, иара алаф ахҳәаауа еиҭеиҳәеит убраагьы изанааҭ ахархәара шаиҭо.

"Шәарацара ҳанцо, ҩымш-хымш абна ҳалоуп, ақьалақәа рҿы ҳаанҿасуеит. Сҩызцәа рахьтә аӡәыр машәырк ихьыр, инапы ԥҟар уҳәа иаразнак аҳақьым уабаҟоу ҳәа ҿырҭуеит. Дара ракәым рлақәагьы адәы ҳақәтәаны аоперациақәа рзызухьеит. Исгәалашәоит зны Даур Сымсым ишәарацала абнаҳәа ахаԥыц ду ала амгәа ҭырттаны ианканажь, иԥсуеит ҳәа аԥшәма ауазырра даналага, Иури Цулукиа цхырааҩс даашьҭхны, ақьалаҿы иаҳԥшааз агәыри арахәыц еиқәаҵәеи рыла, акьатеиқәеи, амгәеи уаҭкала иҿыӡәӡәааны ишызӡахыз. Схаҭагьа иџьасшьаратәы адырҩаҽны ашьапы иқәгылеит. Иаасшәмырҟаҵо акы ыҟам ҳәа сышрықәымчуазгьы здаш ԥжәаз сҩыза иҽы ашьапы зӡаххьеит", - аԥстәқәагьы шеиқәирхаз еиҭеиҳәоит ашәарыцаҩ-ахирург.

Виачеслав Забеҭ-иԥа Аргәын амедицинаҿы акыр шықәса иибаз аџьабаазы ихҵоуп "Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа аҳәынҭқарратә хьӡы, ианашьоуп Н. И. Пирогов имедал, убас "Агәабзиарахьчараҿы илшамқәа рзы" амедали, арҽхәабӷьыцқәеи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан тәамҩахә ҟамҵакәа ахәцәа рыԥсы ахьеиқәирхоз азы ианашьоуп Леон иорден.

Виачеслав Аргәын Гагра араион Еизарахь хынтә депутатс далырххьан.

Зааԥсара аҳәынҭқарреи, ауаажәлари ахә ҳаракны иршьо аҳақьым иҭаацәараҿгьы дманшәаланы дшьақәгылеит. Виачеслав Забеҭ-иԥа ҩыџьа ахшара драбуп, хҩык амоҭацәа драбдууп.

Ажәабжьқәа зегьы
0