Ажәлар агәрагара анырцәыӡ, ма ҳбаандаҩцәа абахҭаҿы рҭакра азҵаарақәа

© SputnikСИЗО Дранда.
СИЗО Дранда. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоуцәа ирықәырҵо ахара Аԥсны ишԥархырго, еиӷьу ма еицәоу еиҳа ибааԥсу ацәгьоура зуз ауаа Урыстәыла абахҭақәа рҟны рҭакра, иарбану ҳсуверенитет ҵызшәаауа егьырҭ аҭагылазаашьақәа? Абарҭ азҵаарақәа рзы лгәаанагара ҳамалдеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ажәлар агәрагара анырцәыӡ, ма ҳбаандаҩцәа абахҭаҿы рҭакра азҵаарақәа

Асовет еидгыла аамҭазы изызҳаз ауаа рзы акыр иуадаҩуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь имҩаԥысуа ахҭысқәа реилкаара. Аабыкьа, жәабран 4 рзы Драндатәи абахҭаҿы дыршьит абаандаҩы Асҭамыр Ӡиӡариа, иара ауаҩшьразы гәҩарас дҟаҵны дҭакны дрыман. Иреиҳау аӡбарҭаҿы уи аус аҵыхәтәанынӡа ахәаԥшразы мышқәак шагыз, иҳауит аинформациа иара дшыршьыз азы. Аԥсны апрокуратура хада асаит аҿы ицәырҵыз аинформациа излаҳәоз ала "Ӡиӡариа акырынтә аҳәызба илаҵаны дшьын". 

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Озган ишьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟаз ахаҿы абахҭаҟны дыршьит

Ас ҟалашьас иамоузеи? Иахылаԥшуада абахҭа? Изхарада? Ацәгьара ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иҭаркуа ишьра аӡәгьы азин имаӡам, ацәгьоуҩы аус дақәыршәаны дҭаркуеит ауп изинтәу аҳәынҭқарра ҳаргылозар. Иааидкыланы имҩасхьоу аусқәа ҳгәалаҳаршәо ҳалагар, ҵҩа рымам абахҭаҟынтәи абналарақәа, мамзаргьы иаармарианы ачымазара ҿыҵгас иҟаҵаны абахҭа аҭыҵра уҳәа, "абӷа" умазар, ма аԥара Драндатәи абахҭа ацәцара уамак иуадаҩым. Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа апрезидентцәа ҳаԥсахуеит, урҭ акандидатцәа ражәа иалоу "азакәан зегьы ирзеиԥшны ишыҟало" алхрақәа рышьҭахь иныҵаба ицоит.

Иаахтны иаҳҳәозар, ҳара абахҭаҵәҟьа ззырҳәо ҳамаӡам, иҟоуп аамҭала анкьа абаандаҩцәа ахьааныркылоз ахыбра. Ажәлар рҿы иазгәарҭахьеит абахҭа иҭаку зны-зынла ԥсшьара иҟоу рҭагылазаашьа анрымоу ыҟоуп ҳәа. Сара сыҩнамлац аԥсуа бахҭа, аха уа абналара зламариахаз ала, сгәы азҩоит, алеишәа џьбара шыҟам азы. Алеишәа абахҭаҿы иҟамзар, нас егьырахь иаҳҳәараны иҟоузеи. Абас ҳааиуеит, азин ақәныҟәашьа ззымҵаз ҳәынҭқарраны.

Згәы кыдгылаз ауаажәлар рхаҭарнакцәа азгәышьуа иалагеит Аԥсны игәаӷьыуацәоу ацәгьоурақәа ҟазҵо Урыстәыла иҭаркларц азы. Ари аҩыза ацәажәара цәырҵит Урыстәылеи Аԥсни рымчратә усбарҭақәа аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵа ашьҭахь.

у администрации города Ткуарчал собралась группа граждан, которая заблокировала вход в здание  - Sputnik Аҧсны
Аԥҳәыс илыхшеит, аха аԥҳәыс дырҭахӡам, мамзаргьы Тҟәарчалтәи адрама

Иаҳҳәап, ҳара ҳтәылауаҩ Урыстәыла ацәгьара ҟаиҵар, арахь диасыр илшоит, "шәы зҿам" Драндатәи абахҭаҿы иқәу ихигар ауеит, иара убас, ара ацәгьара зуз Урыстәыла инеиԥынкыланы инхо атәылауаа ирылшоит уахь ииасыр. Ибзианы ари аус здыруа ахыҵхырҭақәа исарҳәхьеит ари аиқәшаҳаҭрала Драндатәи абахҭа ааныжьны, Урыстәыла иҭаҩу атәылауаагьы уахь ацара шырҭахым. Ирҭахым, избанзар ара иҟоу аҭагылазаашьа уахьтәи иџьбароу арежим иаҿурԥшыр, аԥсшьарҭа ҩны иаҩызоуп.

Ҳара ҳзакәанқәа рыла, Аԥсны атәылауаҩ араҟа ацәгьоура ҟаиҵазар, ара дҭакызароуп, иҟам уи азы даҽа закәанк даҽа ҳәынҭқаррак ахь ишьҭразы. Асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа абри азҵаатәаҿы рҽеиҩыршоит, џьоукы ирҳәоит "иџьбароу ацәгьоурақәа ҟазҵо, иаҳҳәап, ауаа зӷьычуа, ма анаркотикатә рҩашьыгақәа алазырҵәо Урыстәылатәи абахҭақәа рахь ирышьҭлар, ацәгьоурақәа маҷхоит" ҳәа. Даҽа џьоукы ари акатегориа иаҵанкуа ацәгьоуцәа "ирықәу ара ирхыргароуп, урҭ ҳтәылауаа роуп", даҽа ҳәынҭқаррак аҿы рҭакра ҳсуверенитет ацәыӡра иадыркылоит. Хымԥада, дарбан президентзаалак, ари аҩыза аиқәшаҳаҭра идырҟаҵом, насгьы ҳзакәан иақәшәом.

Ус акәзаргьы, ицәырҵуеит азҵаара, ауаа зӷьычуеи, апедофилцәеи, анаркодиллерцәеи Урыстәылаҟа рышьҭразы агәаҳәара змоу ыҟоуп, уи ҵаҵӷәыдам. Абри зхылҿиаауа араҟа азакәан аус аурц шалшо азы ауаажәлар агәрагара ахьырцәыӡыз ауп.

Ацәгьоуҩы иаанкыларҭа - Sputnik Аҧсны
Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам

Урыстәыла ус ишуҭаху абахҭа унҭало, унҭыҵуа иҟам аҟынтә, ҳбаандаҩцәа ркатегориак уахь рышьҭра иазгәышьуа ыҟоуп. Ииашоуп, уи иаҿагылоу баҩ злам апатриотизм аазырԥшуа "ҳхақәиҭара ацәыӡра" иадыркылоит, иара убри аамҭазы, ҳгәылацәа рбызшәа шьҭыхны, ҳҳәынҭқарратә бызшәа мап ацәаҳкырц акгьы ҳагым, иара убас ҳзабашьуаз ақырҭқәа рахь ҳауаажәлар ҽыхәшәтәра имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟоуп, уи адагьы, аилахәаахәҭра цоит Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы.

Ҳарҭ акалашәа ҳшоуп. Ахлымӡаах зырҿиаз абаандаҩы ҳаихыбаауеит, арахь ҳсуверенитет азы еиҳа ихадоу азҵаатәқәа хырҩа рзаҳуеит. Аԥсуа традициақәа ҳарзааҭгылозар, игәаӷьыуацәоу ацәгьоура ҟазҵоз иҭаацәагьы иаргьы атәыла иалырцон. Уажәтәи ҳфилософиа зегь хьанаршшо иалагеит, иӡит иҳамаз атрадициа бзиақәа. Азакәангьы ҳҭахым, аԥсуаргьы ҳхаҳаршҭит.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Ҳҳәынҭқарразар, абахҭа ҳамазароуп

Уажәы апрезидентрахь акандидатцәа рагитациатә аамҭа ҳҭагылоуп, уажәы-уажәы иаабоит "азакәан зегьы рзы ишеиԥшахаша" зхәо авидеороликқәа. Ас шаҟа ӡыргара ҳбахьоу здыруада. Зегьы иреицәоуп атәылауаҩ агәрагара аницәыӡуа. Агәрагара рцәыӡит азоуп ҳажәлар рхаҭарнакцәа ҳбаандаҩцәа Урыстәылаҟа рышьҭра азҵаатәы зышьҭырхуа. Агәрагара рцәыӡит азоуп, иҳаҩсыз аԥхынтәи алхрақәа рҿы абжьыҭара имнеиз рхыԥхьаӡара зыҳаракхаз, насгьы "аӡәгьы дысҭахым" ҳәа зыбжьы зҭииз 3 нызқьҩык изреиҳахаз. Уи "аӡәгьы дысҭахым" ауп алхрақәа рылҵшәагьы аԥырхага азҭаз.

Иарбан аамҭазаалак амчратә структрақәа русура авба аман, аха аибашьра ашьҭахь ҳара ҳҿы амилициа аусзуҩ уисны, нас ухы ршьышьны уоурыжьуа иҟамызт Асовет Еидгыла аамҭазы. Абахҭаҟынтә абаандаҩцәа рыбналара русура иамнахуан ачынуаа дуқәа, ҿааҳәыра рмоуа абахҭахь ирышьҭуан уи иалахәыз амилициа аусуҩцәа. Ҳара ҳсуверенитет анаҳҳәо, ажәала мацара ахьчара ауам, иаҭахуп азинтә мчы аарԥшра. Уи аныҟам, амал рацәахаргьы, акриминалтә ҳәынҭқаррахь ҳкылнагар алшоит, иара усгьы рацәакгьы ҳацәыхарам…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0