РУСДРАМ аҿы актиорцәа хәыҷқәа рыдкыларазы акастинг хдыркәшеит

© Sputnik Томас ТхайцукРУСДРАМ
РУСДРАМ  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы театртә студиа аҭаларазы имҩаԥгаз акастинг иалахәын 50-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рҟынтәи жәохәҩык алкаан.

АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. РУСДРАМ аҿы еиҿкаау ахәыҷтәы театртә студиа аҭаларазы имҩаԥгаз акастинг хыркәшан жәабран 22 рзы иҳәеит астудиа анапхгаҩы, атеатр актиор Џьамбул Жорданиа.

Иара иажәақәа рыла, сынтәа ирацәаҩын РУСДРАМ астудиа аҭалара зҭахыз. Акастинг иалахәын 50-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рҟынтәи жәохәҩык алкаан.

"Акастинг асабша ихыркәшан. Ахәыҷқәа зегьы рхы бзианы иаадырԥшит, аха иреиӷьқәоу алкаатәын", - иҳәоит Жорданиа.

РУСДРАМ актиорцәа иалыркаауа ахәыҷқәа разыҟаҵара иалагоит, атеатр амаӡақәа рзаадыртуеит.

"Аҵара ианахыслак ашьҭахь дара ирыҭахоит асертификатқәа РУСДРАМ атеатртә студиа ишалгаз ала", – иҳәоит Жорданиа.

РУСДРАМ аҿы ахәыҷтәы театртә студиа аартын 2019 шықәса рзы. Актәи аушьҭымҭацәа ахәаԥшцәа иддырбеит аҳасабырбатә спектакль "Муха-Цокотуха".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0