Шьаҟрылԥҳа еиҭалҳәеит Џьырхәа амедпункт аус шауа атәы
"1965 шықәса раахыижьҭеи аус зуеит, уажәшьҭа ателефонқәа ҟалеит, усҟан ҳхыԥхыԥуа ақыҭа зегьы шьапыла ҳалан, агәыр ҟаҳҵон. Раԥхьатәи ацхыраара ақыҭаҟны ираҳҭон, ахшараиура инаркны. Снапы иҵазгеит Ҳалуашьаа рхәыҷқәа быжьҩык. Усҟан аамҭақәа цәгьан, Гәдоуҭаҟа ианзымцоз ыҟан. Иахьа ҳацәгьам, аҭелқәа ыҟоуп, амашьынақәа зегьы ирымоуп. Зшьақәаӷәӷәара ҳаракхо ыҟоуп, аԥхын афатә зԥырхагахо уҳәа ацхыраара раҳҭоит. Ахәшәтәырҭаҟны аԥхьатәи ацхырааразы ахәшәқәа ҳарҭоит", - лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.