"Ахәажәҵәы", "Анасыԥҵәы", ма аԥсуаа Хәажәкыра ишаԥыло

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәажә
Ахәажә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсабара аҿыхара, аизҳара, аҿиара иадҳәаланы аԥсуаа рҟны есааԥынра иазгәарҭо аныҳәа Хәажәкыра аҷыдарақәак дҳазрылацәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ааԥын раԥхьаӡатәи амза Хәажәкырамза алагамҭазы аизҳара, аҿиара, аԥсабара аҿыхара, аԥсы аҭалара иазкны имҩаԥырго аныҳәара иахьӡуп Хәажәкыра. Иара аныҳәара Хәажәкыра ахьӡ иаанаго "ахәажә акра" ауп. Ахаҭа ахәажә абна иатәу иԥшьоу ҵиаауп. Ажәытәан аҿиареи аизҳареи иазкны имҩаԥыргоз аныҳәа Хәажәкыраҟны рхы иадырхәоз аҵәы раԥхьаӡа излырхуаз ахәажәҵла амахә акәын. Убри азоуп "ахәажәҵәы" ҳәа хьӡыс изамазгьы. Ахәажәҵәы ҳәа иахьагьы уи аҵәы ишазырҳәогьы, уи уажәы излырхуа арасамахә ауп. Аԥсны араса аҿиара анаиу, ауаа рхы иадырхәо ианалага, ахәажәҵәы арасаҵәы ала ирыԥсахит.

Ахәажәқәа - Sputnik Аҧсны
Хәажәкыра – ачгара ду аҵалара

Аха уазхәыцуазар, ахәажәгьы арасагьы рыҩбагь аԥсуаа иԥшьоу ҵиаақәаны ирыхәаԥшуан. Ус иҟоуп иахьагьы, амала зыӡбахә ҳамоу аныҳәараҿы арасаҵәы еиҳа аԥыжәара ааннакылахьеит.

Аныҳәара анымҩаԥыргоз

Хәажәкыра ҟамҵаӡакәа аԥсуаа аиаҵәара (иаҳҳәап, аџыш, аџьымшьы) рфомызт, "иҵасым" ҳәа ирыԥхьаӡон. Аныҳәара анымҩаԥырго Хәажәкырамза раԥхьатәи ашәахьаҽны акәын, зны-зынла амзар аҽанеиҭанакуагьы ыҟоуп. Иаагозар, аӡәырҩы иазгәарҭоит Хәажәкыреи Амшаԥ ныҳәеи ҩынҩажәи ааба мшы рыбжьоуп ҳәа. Амшаԥы аныҟало анудырлак, шьҭахьҟа ҩынҩажәи ааба мшы уԥхьаӡар, убри аҽны Хәажәкыра ныҳәахоит. Сынтәа ари аныҳәа ақәшәоит ашәахьа, хәажәкырамза ҩба рзы.

Аныҳәа амҩаԥгашьа

Аныҳәа мҩаԥыргоит ашәахьа ианааилахәлалак, аҭаацәа зегь анеизалак, ҭынч ианааилатәалак. Жәытәла ҳахәаԥшуазар, аныҳәаразы иҟарҵоз ахәажәқәа (мамзаргьы аҳампалқәа) иааизыхәхәоу аформа рырҭон, урҭ ркәаҳауан ахәыӡшылеи аши еилаԥсаны. Иахьа ашылеи ачашылеи еилаԥсаны ауп амажәа шыркәаҳауа.

Цира Габния  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габниаԥҳа: Хәажәкыра ҟамҵакәа, ҿыц игылоз аиаҵәара афара азин ыҟамызт

Хәажәкыраан иҟарҵо ахәажәқәа руакы иагәыларҵоит ахәажәҵәы (арасаҵәы), даҽакала "анасыԥҵәы" ҳәагьы иашьҭоуп. Уи зауз ашықәс зегьы иара изы иманшәалахоит, ашықәс иалагӡаны инасыԥ ҟалоит, ихаҭагьы иҭаацәа рзы "дуаҩымшхоит" ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аныҳәара зыхәҭоу

Абжьыуааи абзыԥқәеи ари аныҳәа амҩаԥгараан еиҩыгарақәас ирымоу маҷуп. Бзыԥын ахәажәқәа жәны ианааҭыргалак, ахыԥсыхь цаанӡа, аҭаацәара иреиҳабу аԥҳәысцқьа лоуп ахәажәқәа зну асаара иахныҳәо. Абжьыуаа рҟны акәзар, ижәны иҭыргаз ахәажәқәа (аҳампалқәа) амрагыларахь ихы нарханы еиҳараӡак ирыхныҳәо аҭаацәа иреиҳабу ахаҵа иоуп. Аныҳәара иацу анаҩстәи ахәҭа еицаҳзеиԥшуп азуҳәар алшоит.

Ахәажәҵәы зықәшәаз

Ахәажәқәа ианрыхныҳәалак, иныҳәаз аҭаацәара зегьы хԥа-хԥа хәажәа шаны ирылҭоит, ма ириҭоит. Досу рыхәажәқәа рыфара ианалагалак, зыхәажәқәа руак аҿы ахәажәҵәы збаз "хәажәҵәы иоуит", "анасыԥҵәы иқәшәеит" рҳәоит. Уи, хыхь ишазгәаҭаз еиԥш, дманшәалазаауеит, ашықәс иалагӡаны инасыԥ ҟалоит, ашықәс иара изы имшхоит, ихаҭагьы "дуаҩымшхоит" ҳәа изырҳәоит.

Ахәажәқәа раамышьҭахь ахәажәҵәы аладыршәуеит аҟәыдыршьшьы, иара убас аҩы зҭоу аирыӡ аҿы ахәажәҵәы анҭадыршәуагьы ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0