Аџьынџьыхәеи уи иацу амаӡақәеи: уԥсы иузалымхуа агәырхаагазы гәалашәарақәак

Анапаҵаҩра
Иахьа агәырхаагақәа рацәахеит, аха акы иузаларҩашьома аџьынџьыхәа, ҳанацәеи ҳандуцәеи иҟарҵоз, ахәыҷқәа иаацрымҵкәа изеишәарыцоз? Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит лхәыҷра ашықәсқәа раан аџьынџьыхәаӷьычра шыҿиази иахьатәи аџьынџьыхәа аграқәеи ртәы.

Аџьынџьыхәа анкьатәи абарақьаҭра аамҭазы ақыҭақәа рҿы ҩныцыԥхьаӡа ашҭахь ицәырганы, икнаҳаны идырҩоз чысхкын. Иҟан ҷыдала аԥацхақәа рҿы иандырҩозгьы, иара убас алаба иахаԥсаны амра ианарҭозгьы. Абыржәааны абри закә темоузеи зҳәо аԥхьаҩгьы дҟалар алшоит, аха иҟоуп ахәыҷра ашықәсқәа рҟынтәи иаауа, уԥсы иузалымхуа аҭахрақәа.

Аџьынџьыхәа аҟаҵара. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа џьынџьыхәа - даара ихаау аџьашьахәы

Аџьынџьыхәа саныҩагыла нахыс сзеишәарыцоз, иахьагьы сгәы зырҭхаџьуа акакәны иҟоуп.

Ҽаҩраҭагалан ианасакьаҳәымҭаз сан заа илрыԥххьаз арасацқәа ашәырқалмышь инҭшьны ианыкналҳауаз иахьеиԥш исгәалашәоит. Аџьынџьыхәа рыԥхрақәа ирхьыкәкәоз ақалмышь снацәа наҵшьуа слыдгылан еснагь. Шьҭа иуфаратәы ианыҟалалак, сан зегь ҳахәҭаа ҳалҭон, нас асас ихәы ҳәа ԥыҭк нҭаршәны илҵәахуан.

Иабашәцәызӡари, сыхәҭаа ирласны исамхафон, нас сеиҩаӡо сҿаасхон сан лыҵәахымҭа. Аӡәы игра иӡап, иахьылҵәахлакгьы исыԥшаауан, нас илмырбаӡақәа снацрасуан. Убри маӡала изгоз агьама еиҳагьы ихаазшәа снарбон. Асас ихәы сшацрасыз гәазҭоз сан аҭыԥ ԥсахны даҽаџьара ииалгон, аха сара "аԥшыхәҩы" зегь акакәын, исыԥшаауан. Абас ицон аамҭа, "аџьынџьыхәа зӷьычуа ла лоуп" ҳәа ахьыӡгьы сара иаасыххалеит, са сыда уи ҟазҵоз шыҟазгьы.

Шықәсык зны сан ацаԥха змаз ашьқаԥ иҭалҵәахит лџьынџьыхәа рыԥхрақәа, иашьҭашәарыцоз рнапы знеирым ҳәа. Исылҭаз сыхәҭаа аҭыԥ ианықәсҵалак, ахәыцра салагон иабалҵәахишь ҳәа. Зны слышьклаԥшуа сҿаасхазар, игәасҭеит азал аҿы игылаз ашьқаԥ инҭаҵаны, ацаԥха наркны лџьыба ишҭалҵаз. Уи ацаԥха агара сара сзы иуадаҩхызма, сан аҩны илшәыз нықәҵаны џьарацага лымаҭәа лышәҵаны ашҭа данҭыҵ, сус ҟасҵеит, сҿаӡы аазгоз аџьынџьыхәа асас ихәы инахысхын, ацаԥха аҭыԥ аҿы иҟасҵеит.

Ажьырӡы, амца, нас акакан: ақалмышь аҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
Ажьырӡы, амца, ашыла, нас акакан: ақалмышь аҟаҵашьа

Сан ирацәаны иҟалҵон аҟынтә, иаразнакгьы илызгәаҭомызт илҵәахыз ишагхоз. Аамҭа анцалак, дырҩегьых сан лцаԥха снашьҭалон…

Абас ишыҟаз, сара аҩны сыҟамкәа Магәа Коӷониаԥҳа сасра ҳа ҳахь дааит. Сан лысас ҳаҭыр лықәылҵон, акранырфа, лҭаҵәах ахьҭаз днеит, илшәыз аџьыба дынҭаԥшызар, уаҵәы иубар иаахә, ацаԥха ҭам. Иаразнак илдырзаап, "аӷьыч" лнапы. Сыҩнымаҭәа иҿаз аџьыба дынҭаԥшызар, абар лышьқаԥ ацаԥха.

Ашкол аҟынтә аҩны санааи, сан ҽмыршьагала дсазҵааит "ашьқаԥ ацаԥха ахьыҟоу бдыруазар" ҳәа. Илаҿаршәны мап скит, уи ахаан сыла ишамбацгьы ашьақәырӷәӷәара салагеит. Асасцәагьы, сангьы аччара иалагеит, "ибымбацзар, ацаԥха бџьыбахь иназгазеи" ҳәа. Ас лабҿаба иансықәыԥҽ, иҟасҵагәышьоз, сазхәыцуа салагеит настәи сџьынџьыхәаӷьычра аметодқәа шысыԥсахша.

Сҩызцәа хәыҷқәа саазацәажәоз зегьы исарҳәон рхаҭагьы ари аус ишазҟазоу. Ажәакала, аџьынџьыхәаӷьычра даара иҿианы иҟаз усзаарын. Сандуха, схала иҟасҵо салагеит аџьынџьыхәа, иара убри аамҭазы сара исыҵаӷьычуазгьы ҟалеит. Уара ианыҟауҵо еиҳа уахымӡыӡаауеи, ана исҵәахуан, ара исҵәахуан, аха сашьцәа иахьыҟаз рыԥшаауан.

Аибашьра анеилга, аҩнра ҳәа санца, Аҟәа сахьынхо аџьынџьыхәа ҟасҵо салагеит, избанзар, афареиԥш иара апроцессгьы сгәаԥхон. Схәыҷқәагьы ари аус даара иацклаԥшуан, иагьсыцхраауан. Сан леиԥш саргьы асас ихәы сҵәахуан, сан леиԥш саргьы исыҵаӷьычуан ахәыҷқәа. Иахьа сара исықәлоу абри анырзеиҭасҳәо, шамаха зегьы рхәыҷра ашықәсқәа рзы рани рандуи рџьынџьыхәа ишашьҭаз еиҭарҳәоит. Ус анкәха, са сзаҵәымзаап.

Изготовление национального абхазского блюда – аджинджухуа - Sputnik Аҧсны
Атуристцәа рзы аџьынџьыхәа даара ихаауп

Аҩны иҟарҵо аџьынџьыхәа агьама акалашәа ихаауп, аџьармыкьаҿы ирҭиуа иеиԥшым. Аџьармыкьа анысҳәа, аабыкьа Санкт-Петербург аҵара зҵо сыҷқәын изы Аҟәатәи аџьармыкьаҿы ҿаҳәарак аџьынџьыхәа аасхәеит. Агьама бзиазшәа збеит иангәасҭа, нас инҭаршәны исҵәахит, санхәыҷызтәи сышьцыларагьы нкасыжьын, схәыҷы аӡынтәи аԥсшьара мшқәа рзы данаауа даргәырӷьоит сҳәан иԥхьаскит.

Ҩымчыбжьаҟа рышьҭахь сыҷкәын данааи, иҵәахны исымаз сџьынџьыхәа аацәырызгеит. Ицәырызгеит аха, аихала уасны ихыумҵәозар фашьа амамкәа икьакьамсеҩӡа иҟалахьан. Сгәы ааснархьит. Сзазҵааз исарҳәеит, уажәтәи абизенсуаа рџьынџьыхәа злаҟарҵо атехнологиақәа рыла, ақалмышь акрахмал аларҵозаап, ианааухәаҵәҟьо иузеилкаауам, аха нас ихаҳәхоит. Ақалмышь дырмаҷырц иаларҵо акрахмал уаҩы изымфо чысны иҟанаҵоит аџьармыкьа џьынџьыхәа. Абри ашьҭахь сеиҭазхәыцит, сыԥсеиԥш бзиа избо, санхәыҷыз сзеиҩаӡоз аџьынџьыхәа анкьеиԥш аҩны ианыҟаумҵа, изӷьычуагьы дамоуа адулаԥ иҭахар шалшо, убри аҟынтә сазхәыцуа салагеит ари аус аиҭазыгьежьра.

Ажәабжьқәа зегьы
0