Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит
Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 6 рзы Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан апроект адкыларазы.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Акоррупциа иаҿагыло азакәан апроект адгылаҩцәа иахьа, Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы ҿҳәарадатәи амлакра хацдыркит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акциа алахәыла Џьансыхә Адлеиба.

"Ҳара - Иван Ачба, Асида Кортуаԥҳа, Џьансыхә Адлеиба – ирылаҳҳәоит ачгара ҳшалагаз. Ари зыхҟьаз азакәанԥҵаратә усбарҭа азакәан аҵакы зырӡуа ариашарақәа алагаланы иахьрыдыркылаз ауп", - иҳәеит Адлеиба.

Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан апроект азы, аха иара амчра аиура аҿҳәара инахоуп "Аҳәынҭқарратә маҵзуразы" азакәан рыдыркылаанӡа. Ишазыԥхьагәаҭоу ала азакәан амчра аиураны иҟоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы.

Акоррупциа аҽагыларазы: Аԥсны Жәлар реизара аҽаԥхьа имҩаԥысуа акциа - Sputnik Аҧсны
Акоррупциа аҿагыларазы: Аԥсны Жәлар реизара аҿаԥхьа имҩаԥысуа акциа

Акциа алахәылацәа ари иақәшаҳаҭым, адҵагьы ҟарҵоит хәажәкыра 22, алхрақәа рымш аҟынӡа азакәан амчра аиурц.

Дара иара убасгьы аҿагылара арҭоит ачынуаа зықәра наӡахьоу рыхшара рмазара ашәҟәҭагалара аҭахны иахьыҟамло.

"Адекларациа ҟазҵаша ргәыԥ арҭбаара ацынхәрас, адепутатцәа ачынуаа зықәра наӡахьоу рыхшара рмазара ашәҟәҭагалара аҭахны имԥхьаӡакәа, зықәра намӡац рымацара роуп иадырбаз", - иҳәоит Џьансыхә Адлеиба.

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит. Еизаз адҵа ҟарҵеит акоррупциа иаҿагыло азакәан хымԥада ирыдыркыларц. 

Жәабран 6 рзы Апарламент адепутатцәа рсессиаҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан рыдыркылеит. Уи амчра аиуеит ԥхынҷкәын 31, 2020 шықәсазы. Аха активистцәа уи азакәан акритика азыруит, избанзар "Аҳәынҭқарратә маҵуразы" азакәан рыдрымкылакәа уи анагӡара залыршахом. Адепатутцәа ражәақәа рыла, уи азакәангьы ԥхынҷкәын 31-нӡа ишрыдыркыло.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0