Бганба Апрокурор хада инапы ианиҵеит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дызҭашәаз аҭҵаара

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа игәабзиара ашәарҭара иҭагылоуп, уи Краснодартәи ахәышәтәырҭахь ииагара азҵаара рыӡбоит.

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа еизганы аилатәара мҩаԥигеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны ахәышәтәырҭа дахьҭашәаз инамаданы абри атәы аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент. Аилатәара ахыркәшамҭаз аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит уи алҵшәқәа ртәы. Иара иажәақәа рыла, ахада инапынҵақәа назыгӡо Апрокурор хада инапы ианиҵеит акандидат иаалырҟьаны ахәышәтәырҭа иҭашәара аҭагылазаашьақәа еиликаарц.

"Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо апрокурор дҵас ииҭеит иҟалаз аҭагылазаашьа атәы еиликаарц. Уажәы прокурор Бжьаниа иалхратә штаб иҽамадоит. Ҳара ҳацхыраара рыдыҳгалар ҳалшоит. Ҳара зегьы Аслан Гьаргь-иԥа ҳизхәыцуеит, иаҳаҭаху иаарласны игәабзиара шьақәгыланы ишьапы дықәгыларц", - иҳәеит Раули Смыр.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьазы акгьы шеилкаам.

Аслан Бажния - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп

"Уажәазы иаадыруа уи иҭагылазаашьа шыбааԥсу ауп. Абри аамҭазы ирыӡбоит уи Краснодартәи аклиникахь ииагара азҵаара. Ахада инапынҵақәа назыгӡо иҽрымардахьеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора. Урҭ Бжьаниа Ҭырқәтыәалтәи аклиникахь иаагара ишацхраауа атәы рҳәеит. Аха макьана акгьы ҳазҳәом Аслан Гьаргь-иԥа иҭагылазаашьа зеиԥшроу еилаҳкаанӡа", - иҳәеит Смыр.

Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵазнакьиа акомментариқәа мап рцәикит.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭақәа руак дҭашәеит хәажәкыра 2 рзы.

Ари аҭагылазаашьа иахҟьаны Адгәыр Арӡынба иштаб аусра ааннакылеит.

Ԥыҭрак ашьҭахь еилкаахеит Леонид Ӡаԥшьба иштабгьы аусура шааннакылаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0