00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа иамшныҳәоуп иахьа
18:17
26 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Участие Абхазии в Международной школе "Новые имена"
18:49
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Бжьаниа иштаб аҿагыларатә акциа ҳус алам ҳәа ахырҳәааит

© SputnikСитуация у парламента
Ситуация у парламента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа хәажәкыра 3 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит. Бжьаниа идгылаҩцәа Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхрақәа ҟалаанӡа апарламенттә напхгара ҟаларц адҵа ҟарҵоит.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иштаб аҿагыларатә акциа аус алам ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит аштаб анапхгаҩы Александр Анқәаб.

Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа хәажәкыра 3 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбрахь инеит. Бжьаниа идгылаҩцәа Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхрақәа ҟалаанӡа апарламенттә напхгара ҟаларц адҵа ҟарҵоит.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодарҟа дшиарго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит акандидат иштаб аиҳабы Александр Анқәаб.

Ситуация у парламента  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа идгылаҩцәа Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵоит

Иахьа, хәажәкыра 3 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа акома далҵит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ихаҭарнак Ренат Қарчаа.

"Адинамика бзиа убартә иҟоуп. Акома ԥсабаратәны акәымкәа хәшәыркыла далагалан. Уажәы уи далгоуп. Аслан Бжьаниа иԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам", - иҳәеит иара.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови рахь аҳәара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа излалшо ала ацхыраара ирҭарц азы.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы, ирылацәажәан акомиссиа ҷыда аԥҵареи алхрақәеи рызҵаара.

Уаанӡа Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Апрокурор хада инапы ианҵоуп аҭагылазаашьа аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0