Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаИасон Кьахьба
Иасон Кьахьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишәыдаагалоит атлетика хьанҭазы СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза, акробатиказы азҟазарахь акандидат, ачемпионатқәеи аицлабрақәеи рҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахахьоу, Калдахәаратәи аинтернати Пицунда ақалақьи атлетика хьанҭеи акробатикеи рзы арҵаҩы Иасон Кьахьба иҭоурых.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Иасон Кьахьба диит Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан, аҭаацәара ду аҟны. Иаб Михаил Дауҭ-иԥеи иан Зинаида Харитон-иԥҳа Мышәԥҳаи ирааӡеит быжьҩык ахшара - фҩык аԥацәеи, аԥҳаи.

Аҭыԥантәи ихарҭәаам абжьаратә школ ашьҭахь, Иасон Гәдоуҭатәи абжьаратәи школ №3 дҭалоит, анаҩс диасуеит актәи абжьаратә аԥсуа школ ахь. Аҵараҵара инаваргыланы дныҟәо далагоит ақалақьтә спорттә школ ахь. Иара убраҟоуп аҷкәын аспорт ахь илаз аҟыбаҩ ҷыда анааԥшгьы. Маха-шьахала иӷәӷәаз, агәаӷьреи агәазыҳәареи рыла иқәлацәа ирылукаауаз арԥыс акробатиказы алҵшәа бзиақәа ааирԥшуа далагеит.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаИасон Кьахьба иуацәеи иҭынхацәеи рыбжьара
Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Иасон Кьахьба иуацәеи иҭынхацәеи рыбжьара

"Сара 10 шықәса ракәын исхыҵуаз акробатиказы аҽазыҟаҵарақәа санрылагоз. Рҵаҩыс дсыман Гәдоуҭа аихамҩатә хәышәтәырҭаҿы ахәыҷтәы ҳақьым хадас аус зуаз, убас аспорттә школ аҿы азыҟаҵаҩыс иҟаз Лев Мильман. Иара ибзоурала салахәын Аԥсни Қырҭтәылеи имҩаԥысуаз ашколтә спартакиадақәа. Акробатикахь абзиабара снырхьан аиҵбыратәи аклассқәа рҿы сантәазгьы. Усҟан Ҟәланырхәантәи Гәдоуҭа апарадқәа ҳанрыладырхәуаз ацәаҳәа иқәсуаз акробатцәа сыла ҭраа срыхәаԥшуан. Саргьы исҭахын дара реиԥш спорттә маҭәала сеилаҳәаны, абираҟи ашәҭқәеи кны срылагылазарц. Шықәсқәак рышьҭахь сыгәҭакы наӡеит", - игәалашәоит Иасон Михаил-иԥа.

Ақыҭа ҷкәын аурокқәа рышьҭахь аспорттә зал ддәылҵуамызт. Уахынла, 22-23 сааҭ рзы ихала шьапыла Гәдоуҭантәи аҩныҟа Ҟәланырхәаҟа дцон. Ацхагәҭаны идҵақәа рыҟаҵарагьы дахьӡон.

Абжьаратә школ ашьҭахь Иасон Кьахьба дҭалоит Аҟәатәи аиндустриалтә техникум, аиха аус адуларатә технологиа афакультет. Уи ашьҭахь дцоит Сибраҟа, иашьцәа анџьнырцәа Шоҭеи, Шаликәеи, Валикәеи ихьанҭоу амашьынаргыларатә зауад аҟны аус ахьыруаз, изанааҭ алагьы днарывагылоит.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаИасон Кьахьба дхәыҷаахыс аспорт ахь аҟыбаҩ шилаз убарҭан
Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Иасон Кьахьба дхәыҷаахыс аспорт ахь аҟыбаҩ шилаз убарҭан

Иасон Аԥсныҟа даныхынҳәлак, даныхәыҷыз аахыс аспорт ахь имаз аинтерес профессионалла дазнеирц иҭаххоит. Арԥыс дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт, абаҩрҵәыратә факультет. Иасон Кьахьба 22 шықәса анихыҵуаз атлетика хьанҭа ихшыҩ азцо далагеит, Семион Кабаков ҳәа иҟаз азыҟаҵаҩ ари ахырхарҭала ишьаҭа ирӷәӷәахьан аҟнытә. Уи нахыс СССР атәылақәа жәпакы рҟны имҩаԥысуаз ачемпионатқәеи аицлабрақәеи рҿы аԥхьахәтә ҭыԥк мгакәа дмаацызт.

"Профессионалк иаҳасабала раԥхьаӡа атлетика хьанҭазы аицлабра салахәын Ереван. Уахь сызгазгьы азыҟаҵаҩ Фрик Асланиан иоуп. Усҟан 75 кьыла зкапануаз рыбжьара 110 кьыла иҟаз аштанга шьҭыхны ахԥатәи аҭыԥ ааныскылеит", - иҳәоит аспортсмен.

Иреиҳау аҵараиурҭа ашьҭахь, Иасон Михаил-иԥа Гәдоуҭатәиқәа актәии, абыжьбатәии ашколқәа рҟны абаҩрҵәыра арҵаҩыс аус иуан. Аурок иалагӡаны ахәыҷқәа акробатикеи атлетика хьанҭеи релементқәагьы дирҵон, маха-шьахала ианаалоз ҷыдала иазыҟаиҵо далагоит. Аамҭак ашьҭахь, Иасон Кьахьба Калдахәаратәи ақыҭа школ ахь даарышьҭуеит, хәышықәса рышьҭахь аинтернат ахь. Иара абраҟоуп ибзоурала атлектика хьанҭазы ачемпионцәа ҿарацәа ахьеиҵагылаз.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаИасон Кьахьба Гәдоуҭатәи аспорттә школ аҟны аус иуан
Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Иасон Кьахьба Гәдоуҭатәи аспорттә школ аҟны аус иуан

"Абаҩрҵәыра инаваргыланы, аҩбатәи акласс инаркны ахәыҷқәа акробатика иазыҟасҵон, абыжьбатәи ахь ианнеилак атлектика хьанҭа ианаалоз хазы аус рыдызулон. Асовет Еидгыла аамҭазы Қырҭтәыла имҩаԥысуаз ачемпионат аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит Калдахәаратәи аинтернат ааӡамҭа Ҭенгьиз Аџьба. Атлетика хьанҭаҿы алҵшәа бзиақәа аадырԥшуан Кьагәа Чамагәуа, Нури Малиа, Џьумбер Хышба", - иҵаҩцәа реихьӡарақәа дрылацәажәоит азыҟаҵаҩ.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаКалдахәаратәи ашкол-интернат аҟны аспорт иазҟазоу ахәыҷқәа реиҵааӡара далагеит аибашьра иалагаанӡа акыр шықәса шагыз
Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Калдахәаратәи ашкол-интернат аҟны аспорт иазҟазоу ахәыҷқәа реиҵааӡара далагеит аибашьра иалагаанӡа акыр шықәса шагыз

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, арҵаҩы Иасон Кьахьба Пицунда арра-мшынтә мчрақәа рдивизион дахәҭакны иԥсадгьыл ахьчараҟны иуалԥшьа наигӡон.

Анаҩс, аҭынч ԥсҭазаара анышьақәгыла, Гагра араион, Алаҳаӡыхь ақыҭахь нхара даахьан аҟнытә, аҭыԥантәи ашкол аҿы 17 шықәса абаҩрҵәара арҵаҩыси атлетика хьанҭазы азыҟаҵаҩыси аус иуит. Иара иоуп аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа атлетика хьанҭа аԥсы ҭазҵаз.

Борис Багателия - Sputnik Аҧсны
Борис Багаҭелиа: даҽа акыр шықәса аспорт адунеи салазарц сыгәҭакуп

Аҵыхәтәантәи фышықәса ҩаԥхьа аџьабаа ибоит Калдахәаратәи аинтернат аҿы. Араҟа имҩаԥысуеит атлетика хьанҭазы ареспубликатә ашколтә спартакиадақәа. Аҵаҩцәа ари ахҭыс ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп. "Калдахәаратәи аинтернат зегь акоуп сгәы азыбылуеит. Араатәи ахәыҷқәа акалашәа иааӡоуп, ргәы ԥшқоуп. Саргьы сыхәҭакахьала срывагылар сҭахуп", - ҳәа наҵишьит арҵаҩы.

Шықәсқәак раԥхьа атлетика хьанҭазы Шәача имҩаԥысуаз иаарту жәларбжьаратәи аицлабрахь Иасон Кьахьба иааӡамҭацәа анига, иҵаҩы Елҟан Ӷәазаа илҵшәақәа Урыстәылатәи азыҟаҵаҩцәа ианырба, Казань аолимпиатә резерв ашкол ахь ааԥхьара ирҭеит. Иахьа қәҿиарала уаҟа аҵара иҵоит. Убас урықәгәырӷьаратәы иҟоуп Калдахәаратәи аинтернат ааӡамҭацәа, атлетика хьанҭа иазҟазоу Рамини Даниили Цеиаа, Алан Ҳашыг.

Аҳәеилыршьит: Гаграа аристократиатә олимпиатә спорт хкы аԥсы шҭарҵаз - Sputnik Аҧсны
Аҳәа еилыршьит: Гаграа аристократиатә олимпиатә спорт хкы аԥсы шҭарҵаз

Иасон Михаил-иԥа аинтернат аҿы иазыҟаиҵо ахәыҷқәа аиҳарак Гәдоуҭа араион иатәу роуп. Гаграгьы араионтә команда ҟаларц азы шықәсык аԥхьа Пицунда ақалақь иааиртит азал.

"Есышықәса Калдахәара аинтернат аҟны имҩаԥааго ареспубликатә ашколтә спартакиадаҿы атлектика хьанҭазы Гагра араион аҟнытә ахәыҷқәа алахәхар сҭаххеит. Убри инамаданы Пицунда ақалақь анапхгара рыцхыраарала исзалырԥшааз ауадаҟны азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара салагеит. Ишьақәгылаз акомандагьы ааҩык алоуп. Мызқәак рыла аспартакиадаҿы актәи аҭыԥқәа ирыԥсахеит Ангелинеи Евгении Странадко, Дмитри Шацких, Даниил Иарцев", - икоманда ҿыц аӡбахә иҳәоит азыҟаҵаҩ.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаИасон Кьахьба атлетика хьанҭазы аҽазыҟаҵараан
Ҳаџьараҭ Кьахьба ихылҵшьҭра: СССР аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Иасон Кьахьба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Иасон Кьахьба атлетика хьанҭазы аҽазыҟаҵараан

Пицундатәи азал уҩнаԥшыр, азнык азы угәы цоит, аштанга умбакәа, ахаан аҽазыҟаҵаратә зал ауп ҳәа ухаҿы иузаагом. Иасон Михаил-иԥа сиҿцәажәоит ҳәа саннеи, сахьԥшра сзымдырит. Цас ауашәа уи аҽны ақәа леиуан. Аҭуан икылсуаз аӡы аҭыӡқәеи адашьмеи еилабааӡа иҟанаҵеит. Ахәаԥафҩы уқәнаргыломызт. Ҳаиҿцәажәара аҭыԥ ҳаԥсахыр акәхеит. Ззанааҭ иазҟазоу, зус азы згәы былуа арҵаҩы-азыҟаҵаҩ хара имгакәа изал аҿаԥшылареи, аҩнуҵҟеи ублаҿы иааиуа иҟалап ҳәа макьана агәыӷра сымоуп. Ишьақәгылаз акоманда ҿыцгьы игәаӷьны арахь иахьааиуа, уимоу араион ахьӡ ахьҭырго иҭабуп ҳәа расҳәоит. Азыҟаҵаҩ ачҳареи агәабзиареи изеиӷьасшьоит.

Аамҭала, Иасон Кьахьба иашьцәа Владимири, Хьымцеи, иашьа иԥа Гарики СССР амаланыҟәатә спорт зҽаԥсазтәыз азҟазацәан. Атлетика хьанҭазы аспорт дазҟазоуп Иасон Кьахьба иԥа Манча.

Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Асцена амца азыркуа: акәашаҩ Џьон Хәынҵариа иҭоурых

Кьахьаа рҭаацәара Аԥсны аҭоурых аҟны зышьҭа нзыжьыз Ҳаџьараҭ Кьахьба изааигәаӡоу роуп. Дара рыжәла маҷӡоуп, аха рабиԥара ӷәӷәоуп, хьӡи-ԥшеи рымоуп.

"Ҳаџьараҭ Кьахьбеи ҳареи еибатәқәоу ҳауп. Анкьа Кьахьаа Ешыра ҳанхон. Аха Ҳаџьараҭ дзыниаз ахҭысқәа ирхырҟьаны Ҟәланырхәаҟа ҳақәҵит", - ихылҵшьҭра далацәажәоит Иасон Кьахьба.

Иасон Михаил-иԥа 68 шықәса шихыҵуагьы, имаха-ишьаха ӷәӷәоуп. Хышықәса раԥхьа, Гагра араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра инамаданы иӡбеит акциак аҳасабала ихала амҩаду анысра. Жәасааҭк рыла, аус ахьиуа Калдахәаратәи аинтернат инаркны Ԥсоунӡа днаӡеит. Ҳаԥхьаҟа игәыиҭоуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира аҳаҭыр азы Егры инаркны Ԥсоунӡа шьапыла ацара. Аха усҟан исыццаша ҟалоит иҳәеит. Абжьазаарагьы ԥхьаӡаны, аамҭа ҩаха ақәиҵеит.

Иасон Михаил-иԥа игәабзиара иахырҟьаны аҳақьымцәа азин ирҭаӡом аштанга ашьҭыхра, аха иара имоу аԥышәа еиҵагылаз абиԥара ҿа ибзиаӡаны атехника дирҵаратә еиԥш алшара инаҭоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0