Том Хенкси иԥҳәыси коронавирус рыдырбалеит

© AFP 2023 / TIZIANA FABI Актер Тома Хэнкс
Актер Тома Хэнкс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) иазханаҵеит коронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Еицырдыруа актиор Том Хенкси иԥҳәыс Рита Уилсони коронавирус рыдырбалеит. Актиор абри атәы иҳәеит Twitter аҿы.

Дара Австралиа иҟан рхы ҽеимкәа ирбо ианалага.

"Раԥхьа иргыланы коронавирус азы анализқәа раҳҭеит. Иагьышьақәырӷәӷәахеит авирус", - иҩуеит Хенкс.

Иара иҳәеит ргәабзиара шьақәгылаанӡа акарантин ишаҵанакуа.

Актиор Том Хенкс деицырдыруеит абарҭ афильмқәа рыла: "Форест Гамп", "Спасти рядового Райана", "Изгой", "Чудо на Гудзоне" уҳәа егьырҭгьы.

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) иазханаҵеит коронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа.

Пандемиа ҳәа иашьҭоуп тәылак ма атәылақәа жәпакы зымҽхазкыз аепидемиа.

ВОЗ аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла коронавирус иахҟьаны иԥсхьеит 4291-ҩык. Зынӡа иара рыхьхьеит 118-ҩык. Авирус ашьҭа рбеит 114 тәыла рҿы.

Минздрав Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны коронавирус аҿагыларазы ауснагӡатәқәа еиҳагьы идырӷәӷәоит

Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа 2020 шықәс ахәажәкыра 14 инаркны иаркызарц.

Иара убас  шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0