Ердогани Путини Идлиб аҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕрдогани Путини Идлиб аҭагылазаашьа иалацәажәеит
Ердогани Путини Идлиб аҭагылазаашьа иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа ҭелла реицәажәараан ирзааҭгылан хәажәкыра 5 рзы иззеиқәышаҳаҭхаз азҵаарақәа рынагӡашьа.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини ҭырқәтәылатәи иколлега Таип Ердогани шьамтәылатәи апровинциа Идлиб иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит ҭелла. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.

Аицәажәара мҩаԥысит урыстәылатәи аган аԥшьгарала.

Атәылақәа рхадацәа агәахәара рыманы иазгәарҭеит Идлибтәи азонаҿ аибарххара еиҳа ишыԥсыҽхаз.

Аганқәа ирҳәеит аицусура аҵакы аманы ишыҟоу.

Урыстәыла ахада Владимир Путини ҭырқәтәылатәи иколлега Таип Ердогани еиқәшаҳаҭхеит ԥхьаҟагьы адиалог ацәхьамҵра, хаҭалатәи аинырра амҩа рыҭара.

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани - Sputnik Аҧсны
Путини Ердогани Идлиб иҟоу аибарххара аанкылахарц еиқәшаҳаҭхеит

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердогани хәажәкыра 5 рзы Кремль реиԥылараан иахьазы Идлиб иҟоу аинырратә цәаҳәаҿы хәажәкыра 6 аҵх агәы инаркны ахымца аанкылара мҩаԥгахарц еиқәшаҳаҭхеит.

Аилацәажәара иалҵшәахеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амҩаду М4 аҟны зыҭбаара ф-километрак иҟоу ашәарҭадаратә коридор еицаԥырҵарци Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи хәажәкыра 15 инаркны амҩаду М4 еицахылаԥшларци реиқәшаҳаҭхара.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ирҳәеит уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа – 2017 шықәсазы адеискалациатә зонақәа раԥҵарази 2018 шықәсазтәи шәачатәи амеморандуми ишрықәныҟәало аринахысгьы.

Москвеи Анкареи иара убасгьы иазгәарҭеит атерроризм ахкқәа зегьы еилыхрады ирҿагыланы ишықәԥало. Аганқәа ақәшаҳаҭхеит Шьамтәыла аимак еибашьрыла аӡбара шалымшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0