Адоллар ахәԥса 81 мааҭ рахь ихалеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковская биржа
Московская биржа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла амилаҭтә валиута адоллар иаҿырԥшны адунеитә валиутақәа рыгәҭа аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аволатильность ала.

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Московатәи абиржаҿ иахьатәи ахәаахәҭраан евро 89 мааҭ иаԥсахеит, адоллар - 81.

Урыстәыла амилаҭтә валиута адинамика аԥсахуеит. Адоллар акурс адиапазон ҭбаа амоуп: – 79,8 – 81,97 мааҭ, евро адиапазон: 85,5 – 89,6 мааҭ.

Амаҵзура Bloomberg адыррақәа рыла Урыстәыла амилаҭтә валиута адоллар иаҿырԥшны адунеитә валиутақәа рыгәҭа аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит аволатильность ала. Актәи аҭыԥ ннакылоит мексикатәи песо.

Brent амарка иатәу анефҭ акәзар ахәԥса 3,86% ихалеит —25,84 доллар ршәоит баррельк азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0