Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба акоронавирус аҽацәыхьчаразы: Аԥсны ҳауаажәлар рхымҩаԥгашьа ҽеимшәа ҳбоит

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аинфекциа - акоронавирус аҽацәыхьчаразы рхы шымҩаԥырго атәы.
Аҟәысба: акоронавирус инамаданы Аԥсны ҳауаажәлар рхымҩаԥгашьа ҽеимшәа ҳбоит

"Адунеи аҟны ари ачымазара аҽацәыхьчаразы ирыдыркыло аусқәа инарымаданы Ҭырқәтәылагьы ирықәныҟәоит аԥҟарақәа. Ашколқәа адыркыижьҭеи мчыбжьык ҵуеит, аконцертқәа, аиԥыларақәа ауаа рацәа злахәу мҩаԥыргаӡом. Аиаша ҳҳәозар, зегьы аҩны ҳаҟоуп, иаҭахымкәа адәахьы ҳдәылҵуам. Адәқьанқәа аартуп, акы ааухәар уҭахызар уадаҩра ыҟам, алаҳәара ҟарҵоит 2-3 шықәса иҳазхаша афатә аума, даҽакыума уадаҩра ыҟам ҳәа. Ус аԥсыуак дычмазаҩуп ҳәа адырра ҳамам. Ҳаргьы асоциалтә ҳақәа рҟны ҳауаажәлар адырра раҳҭоит рышҽацәырыхьчаша ачымазара, аԥсышәалагьы иҟаҳҵоит анҵамҭақәа, иара убас урҭ Аԥсныҟагьы иҳашьҭуеит. Аҭагылазаашьа зеиԥшарцәҟьоу ҳауажәлар цқьа ирзеилымкааит ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Аԥсны усгьы ҳхыԥхьаӡара маҷуп, иаҳбоит апартиақәа реизарақәа, реилатәарақәа, ауаажәлар рхымҩаԥгашьа ачымазара аныҟоу аамҭазы иҽеимшәа ҳбоит", - иҳәеит Аҟәысба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0