АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Константин Затулин ажәалагала ҟаиҵеит, Урыстәылатәи Афедерациа атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзы аԥкырақәа иаланагалаз, Аԥсны атәылауаа рзы ирԥсыҽзарц.
"Атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рзы аԥкырақәа рҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи, Лугански Донецки руааԥсыра рзы арԥсыҽрақәа алагалазар бзиоуп. Арҭ ауаа аҭагылазаашьа ҷыда рыманы инхоит, аха убри аан дара Урыстәыла иатәылауаауп", - иҳәоит Затулин ателеканал "Россия 1" аефир аҟны.
Урыстәыла аиҳабыра атәылахь аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ралалара аамҭала иԥнакуеит акоронавирус иахырҟьаны. Аԥкра хацыркхеит хәажәкыра 18 рзы, иаԥыххоит лаҵара 1 азы.
Хәажәкыра 14 инаркны Аԥсни Егры рыбжьара аҳәаа аркызарц адҵа ҟаиҵеит Атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба, иара убас аԥкрақәа аларгалеит Ԥсоу аҳәааҿы. Ашколхәыҷқәа ааԥынтәи аԥсшьарахь мчыбжьык аԥхьа идәықәҵан, уи ашьҭахь рыԥсшьарамшқәа ирыцҵоуп.
Хәажкыра 11 инаркны Аԥсны иаанкылоуп акультуратә уснагӡатәқәа зегьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Бганба адҵа ҟаиҵеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа хәажәкыра 14 инаркны иаркызарц
-
500-ҩык рҟынӡа аҳәаанырцәуаа Аԥсны ралалара ԥкуп