Уахынла ирыхьчарц апресс-центр: АКХ аусзуҩцәа ААР ахь аҳәара ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудники МВД у здания ЦИК
Сотрудники МВД у здания ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа инықәырԥшу рылҵшәақәа рыларҳәоит ашәахьа, хәажәкыра 23 асааҭ 11:00 рышьҭахь.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа Аԥсны ААР аиҳабы Раули Смыр диҳәеит АКХ жәларбжьаратәи апресс-центр уахынла ахьчаразы ацхыраара ҟаиҵарц.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: алхратә ҭыԥқәа рҿы азинеилагарақәа ыҟам

Смыр ажәа риҭеит АКХ ахьчаразы ААР аусзуҩцәа шадиԥхьало.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыри апрокурор хада Адгәыр Агрбеи АКХ жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны имҩаԥысыз абрифинг аҟны адырра ҟарҵеит Аԥсны ахада иалхрақәа раан аилагарақәа ҟалеит ҳәа аофициалтә информациа ыҟамызт, абжьыҭара азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ҳәа.

Уаанӡа Смыр излеиҳәахьаз ала, алхрақәа раан аҭынчра иахылаԥшуан азинхьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа 859-ҩык.

Ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы инықәырԥшу адыррақәа рыларҳәоит ашәахьа, хәажәкыра 23, асааҭ 11:00 рышьҭахь, аха уаха акандидатцәа рыштабқәа ирымоу адыррақәа рыларҳәоит, даргьы ирыԥхьаӡалоит абжьқәа.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0