Аԥсны иаанахәоит акоронавирус аарԥшра зылшо 600 тест-система

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иаанахәоит акоронавирус аарԥшра зылшо 600 тест-система
Аԥсны иаанахәоит акоронавирус аарԥшра зылшо 600 тест-система - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7, 2020 шықәса рҟынӡа Аԥсны иалагалоуп иҷыдоу аԥкратә ԥҟарақәа акоронавирус COVID-19 алаҵәаразы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы.

АҞӘА, хәажкыра 26 - Sputnik. Аԥсны афинансқәа рминистрра азыразхеит акоронавирустә ҿкы аарԥшра зылшо 600 тест-система раахәара, абри атәы лҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы. 

"Атестқәа мҩаԥыргалоит ачымазаразы агәҩара аныҟоу мацара, ари експресс-диагностикаӡам, ари иҷыдоу амаругақәа рҟны имҩаԥырго гәаҭароуп, ԥыҭк аамҭа аҭахуп", - лҳәеит Скорик.

Зхы бааԥсны избаз ауаҩы хымԥада аҳақьым дидҵаалароуп, атерапевт уи аҿкы илаҽуп ҳәа агәҩара иоур, адиагностика ҟаиҵаразы ахәышәтәырҭахь дишьҭуеит.

Акоронавирус аҿагыларазы аԥара азоужьхоит Аԥсны ахада ирезервтә фонд аҟынтәи>>

"Апациент иганахьала агәҩара ҳаур, аҿкы чымазара ҷыдала изхәышәтәуа ма аепидемиологцәа адырра раҳҭоит, анаҩс аконсилиум мҩаԥганы апациент авирус азы аматериал имаҳхуеит. Абактериологиатә лабораториаҟынтәи иаауеит иҷыдоу акоманда, урҭ уи аматериал ргоит анализ азуразы", - лҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапевттә ҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа.

Лара адырра ҟалҵеит акоронавирус азы атестқәа пациентцәақәак ишырзыҟаҳҵахьоу.

"Ԥыҭҩык апациентцәа акоронавирус рылазааразы агәаҭара иахҳажьхьеит. Анцәа иџьшьаны, уи шьақәырӷәӷәамхеит. Уажәазы есыҽны сара сахь иааиуеит 35-40 пациент, урҭ асезонтә хьҭалалара рымоуп. Макьаназы азыцәшәаша апациентцәа ыҟам", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа. 

Арҷелиаԥҳа иргәалалыршәеит ааигәа Урыстәылатәи Афедерациа акоронавирус агәаҭаразы 400 тест-система шаанашьҭыз.

"Ауаа рацәаны иаҳзасуеит, баша иааины рыҽгәарҭарц рҭахуп, аха ус иҟалом, агәҩара зызҳауа, ахьҭалалара бааԥсны изхызго, ма агәыҵәкра змоу роуп атест иахҳажьуа", - лҳәеит лара.

Аптека - Sputnik Аҧсны
Москвеи Ҭырқәтәылеи иҟоу аԥсуа диаспора ирыҳәоит ахәшәқәа раахәараҿы ицхыраарц

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик иазгәалҭеит ауаа рыҩнқәа ирдәылымҵлар шакәу, ахдырра аарԥшра шаҭаху. 

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аусмҩаԥгатә ҿыцқәа рзы адҵа инапы аҵаиҩит аҩаша, хәажәкыра 24 рзы.

Уи инақәыршәаны хәажәкыра 25 асааҭ 24:00 инаркны мшаԥы 7, 2020 шықәсанӡа иҟалом амассатә, акорпоративтә (агәырӷьаратә) усмҩаԥгатәқәеи ачарақәа ахьыруа ахыбрақәа русуреи.

Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны
Акарантин аамҭа: еиҭанеиааишьас иҟоузеи, уабашшуеи?

Иара убас иҟалом абаџьдатә хәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәеи (диути-фри), ауаажәларратә крыфарҭақәеи, аџьармыкьа хадақәеи, амаҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи русура. Абри аамҭазы ахәаахәҭырҭақәа азин рымам зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа рыхә ашьҭыхра, афатә, ахәыҷқәа рзы атауарқәа, ахәшәқәа, амедицинатә маругақәа, адезинфекциатә маҭәашьарқәа, ауаҩы ихтәы ҽыхьчагатә маҭәарқәа убрахь иналаҵаны.

Ауаажәларратә транспортгьы аныҟәара иаҟәыҵуеит хәажәкыра 27 инаркны.

Уи адагьы хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7-нӡа иҟалом Аԥсны аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атәылауаҩра змам аҳәаанырцә тәылауаа аекскурсиатәи атуристтәи хықәкы рыманы атәылахь ралалареи, иара убас аекскурсиа ҳасабла арахь атранспортқәа раареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0