Акарантин аамҭа: еиҭанеиааишьас иҟоузеи, уабашшуеи?

© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественный транспорт
Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵа инақәыршәаны, хәажәкыра 27 инаркны мшаԥымза 7-нӡа атәылаҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәара аанкылахоит, атаксиқәа рыда.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Ауаажәларратә транспорт аныҟәара аанкылахоит хәажәкыра 27 инаркны мшаԥымза 7-нӡа, аха атаксиқәа уаанӡеиԥш русура иацырҵоит иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Робесҭан Габлиа.

Иара иазгәеиҭеит, амаршруттә таксиқәа знапаҵаҟа иҟоу анаплакқәа адырра шрырҭаз хәажәкыра 27 нахыс русура шааныркылаша азы. Иара убри аамҭазы атаксиқәа рымҩахә иацлаӡом.

"Атаксиқәа ртәы ҳҳәозар, урҭ рымҩахә ацҵара ҟалаӡом. Абри атәы раҳҳәахьеит афирмақәа зегьы, даргьы ҳаҳәара еилыркааит", – иҳәеит Аҳәынҭусбарҭа анапхгаҩы иагьациҵеит, арҭ аԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса макьана ишьақәыргылам, аха уи азҵаарагьы иахәаԥшхоит ҳәа.

Атакси арныҟәцаҩ иклиент абжьааԥнытәи атариф еиҳау амҩахә имихзар, атәылауаҩ дашшыр ҟалоит Аԥсны Аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭахь, уаҟа азҵаара ҭырҵаауеит ҷыдала иазку аҟәшаҿы.

Люди в масках на рынке  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аџьармыкьақәа зегьы адыркуеит акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы

Габлиа иазгәеиҭеит убасгьы, аҭагылазаашьа зхы иархәаны хатәгәаԥхарала апассаџьырцәа рнага-аагара зхы иаҭәазшьо амашьына дуқәа рныҟәцаҩцәа азинхьчаҩцәа ишааныркылало, анаҩсгьы ахьырхәра шырзыԥшу.

"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, абарҭ аусмҩаԥгатәқәа ирыхҟьаны ауаа ауадаҩрақәа маҷымкәа ишрызцәырҵуа, аха ҳауаажәлар ргәабзиара, рыԥсҭазаара зегьы ирхадароуп, уи ада ԥсыхәа ыҟам. Абарҭ а-ҩымчыбжьк рыла аҭагылазаашьа зеиԥшрахо ҳазхәыцроуп", – иҳәеит Аҳәынҭусбарҭа ахантәаҩы.

Амедицинатә усзуҩцәа рзы иныҟәалоит иҷыдоу амаҵуратә автотранспорт, аҩнынтә аусурҭаҟынӡа изгало-иаазгало. Арҭ амашьынақәа есыҽны адезинфекциа иахыслоит.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба акоронавирус ҿкы COVID-19 аҽацәыхьчаратә усмҩаԥгатә ҿыцқәа рзы аусдҵа инапы аҵаиҩит аҩаша, хәажәкыра 24 рзы.

Гудаутская больница - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿгьы акоронавирус здырбало ачымазцәа шьҭарҵалоит

Уи инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс, хәажәкыра 25, асааҭ 24:00 инаркны мшаԥы 7-нӡа амассатә, акорпоративтә (агәырӷьаратә) усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ҟалом, ачарақәа ахьыруа ахыбрақәагьы русура аанкылоуп.

Иара убас иҟалом абаџьдатә хәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәеи (диути-фри), ауаажәларратә крыфарҭақәеи, аџьармыкьа хадақәеи, амаҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи русура. Абри аамҭазы ахәаахәҭырҭақәа азин рымам зда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа рыхә ашьҭыхра, афатә, ахәыҷтәы тауарқәа, ахәшәқәа, амедицинатә, адезинфекциатә маҭәашьарқәа, ауаҩы ихыхьчагатә маҭәарқәагьы убрахь иналаҵаны.

Ауаажәларратә транспортгьы аныҟәара иаҟәыҵуеит хәажәкыра 27 инаркны.

Уи адагьы хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7-нӡа иҟалом Аԥсны аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атәылауаҩра змам аҳәаанырцә тәылауаа аекскурсиатә, аԥсшьаратә хықәкы рыманы атәыла ралалареи, иара убас аекскурсиа аҳасабала арахь амашьынақәа раареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0