Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра арежим ҷыдала аусурахь ииасит

© Sputnik Есиава БадриРабота на посту ГАИ
Работа на посту ГАИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аламырҵәаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа алагалоуп мшаԥы 7 рҟынӡа. Убри инадҳәаланы усбарҭақәак ррежим иҷыдоу аҭагылазаашьахь ииагоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аԥкырақәа ирхьырԥшны русура еиҭаркуеит ҳәа аанацҳауеит аминистрра асаит.

Колл-центр  - Sputnik Аҧсны
"Хьаак ҟашәымҵан": Агәабзиарахьчара аминистрра аҭелтә еимадара ҷыда аус шауа

Хәажәкыра 25 инаркны ҷыдалатәи адҵаҟаҵаранӡа аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәа зегьы рыҟны атәылауаа рыдкылара аанкылахоит.

"Атәылауаа рыдкылара аанкылахоит аҭыӡҭыԥ-еилкааратә биуро, атәылауаҩшәҟәытә усбарҭа аҟәшақәа рҿы. Аԥсны ААИ аҟны автотранспорт аҭаҩра аҟәшаҿы аҩныҵҟатә режим ала аусурақәа мҩаԥыслоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы иԥкхоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапаҵаҟа иҟоу аамҭала ацәгьоуцәа раанкыларҭақәа ирҭоу ахаҿқәа рнырра.

"Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ақалақьтәи араионтәи ҟәшақәа адҵа рыҭоуп хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа атәылауаа жәпаҩыла реинырра аԥырҟәҟәааразы азыԥхьагәаҭаратә усурақәа мҩаԥыргаларц", - ҳәа азгәарҭеит Аԥсны ААР аҿы.

Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа анапы ианҵоуп зыда ԥсыхәа ыҟам атауар ахәԥса ашьҭыҵра алмыршаразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0