Sputnik амчыбжь: аҭагылазаашьа ҷыда ахгашьа, аҿкы аҿагылашьа, агәыҭҟьа аҽамҭара

© Sputnik / Томас ТхайцукПожилая женщина продает цветы на улице
Пожилая женщина продает цветы на улице - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь аҟны ихадараз акоронавирус иадҳәалаз ахҭысқәа роуп. Уи анахыс еиҳа иалкаау ахҭысқәа шәыдаагалоит Sputnik иазнархиаз анҵамҭаҟны.

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иҟаз Гал араион инхо аԥҳәыс акоронавирус лыдырбалеит; ареспублика аиҳабыра иазгәарҭеит абизнес маҷи абжьаратә бизнеси адгылара шрырҭо; иара убасгьы атәыла ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара арыцхә – мшаԥы 23 шьақәыргылоуп.

Sputnik

Аԥсны иалсны ицаз авирустә "транзит"

Амчыбжь аҩнуҵҟа зегь раасҭа ацәажәарақәеи ашәареи зхылҿиааз усны иҟалеит Аберқыҭа инхоз Нино Хецуриани лҭоурых.

Медицинская сестра готовит шприц для прививки от кори в детской поликлинике в Москве - Sputnik Аҧсны
Хецуриани илныруаз ауаа акоронавирус рымам

Хецуриани Москвантәи дааит хәажәкыра 29 рзы ашьыжь, асааҭ 10:50 рзы, аилахәыра "Уральские авиалинии" иатәу ареис U6 407 ала.

Аԥсуа-аурыс ҳәаа дахысны Галҟа дцеит. Хәажәкыра 29 ауха Хецуриани Аберқыҭынтәи Жәыргьыҭҟа диаган.

Хәажәкыра 30 рзы Нино Хецуриани акоронавирус анлыдырбала ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Гал араион ахь узго амҩақәа зегьы адыркит.

Ақалақь аҩнуҵҟа ауаа рынеиааира амилициа ахылаԥшуеит. Араион ауааԥсырагьы иҟалаз ашьҭахь рхы ԥхьаркуеит.

Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

ДПС - Канал в Гале. Зона отчуждения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Гал акоменданттә сааҭ еилагарада иқәныҟәоит

Ақалақь иалалоуи иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.

Иҟаҵаз анализқәа, атест-системақәа рҭакқәа инарықәыршәаны, акоронавирус шрымам шьақәыргылахеит Нино Хецуриани илныруаз 11-ҩык ауаа.

Ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара

Мшаԥы 2 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аилатәара мҩаԥигеит ҿыц иалху ахада Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара аиҿкааразы.

Ҿыц иалху ахада Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 23 рзы ахада Иусбарҭа азал маҷ аҿы.

Акоронавирус ацәшәара шыҟоугьы, аҭагылазаашьа ҷыда шалагалоугьы, аҭоубашьҭаҵара аиҿкаара напаркуп Аԥсны Аконституциа анормақәа инарықәыршәаны.

Ишьақәырӷәӷәоуп ацеремониа апрограмма.

Изакәаншьаҭадоу арбаандаҩра

Амилициа аусзуҩцәа аҿагылара анрырҭа ашьҭахь иааныркылаз Аҟәа ақалақь ауааԥсыра - Аинар Зыхәба, Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахьала Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит хәажәкыра 16 рзы.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Мизан Зыхәба иаанкылара ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьеит.

Женщина-судья с молотком - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа Мизан Зыхәба иаанкылара ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьеит

Ақәҵара атекст нагӡа кьыԥхьхоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит аҿы ашьаус-процессуалтә закәан аҭахрақәа инарықәыршәаны жәамш рыҩнуҵҟа.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи ааныркыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа амилициаа ирықәкны ахысра иалагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа рышьҭазаара иаҿын, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Ршьапы иқәыргылан аусбарҭа аоперативтә еилазаара. Аԥшаарақәа ирылҵшәаны Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны хәажәкыра 12 рзы.

Аамҭақәак рышьҭахь азинхьчаҩцәа иааныркылеит аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасны иақәтәаз урҭ аԥшьҩык. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара, аха азинхьчаҩцәа урҭ раанкылара рылшеит. Ацәгьоуцәа икарыжьыз абџьар ԥшааны ААР ахь инагоуп: зкалибр 5.45, 7.62 миллиметр ыҟоу Калашников исистема автоматқәа, урҭ рахь апатронақәа 82 цыра, атапанча "Викинг", 9.19 миллиметр зкалибр ыҟоу, уи иатәу апатронақәа 16 цыра, иара убас РГД-5 арҭҟәацга аманы.

Абри аус ала иаанкылан Мизан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба.

Амчыбжь ацәыӡқәа

Хәажәкыра 30 рзы ҽнакала Аԥсны иацәыӡит иналукаашаз ҩыџьа ауаа: Иван Зарандиеи Владимир Агрбеи.

Адукатцәа Рпалата ахантәаҩы Иван Зарандиа иԥсҭазаара далҵит 75 шықәса дшырҭагылаз.

Иван Зарандия - Sputnik Аҧсны
Адукатцәа Рпалата ахантәаҩы Иван Зарандиа иԥсҭазаара далҵит

Иван Чанҭа-иԥа Зарандиа диит цәыббра 30, 1945 шықәса рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан. 1966 - 1969 шықәсқәа рзы амилициаҿы аус иуан.

1973 – 1976 шш. – Красноиарск ақалақь Кировтәи РОВД ахьчаратә ҟәша деиҳабын.

1975 шықәсазы далгеит Красноиарсктәи аҳәынҭқарратә университет.

1977 шықәсазы Аԥснытәи АССР адукатцәа Рколлегиа далахәылахеит. 1981 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҿы аиурист консультациа аиҳабыс дҟарҵеит. Абҵара 11, 1993 шықәса инаркны аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра адукатцәа Рпалата ахантәаҩыс дыҟан.

Иара убри аҽны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алитератураҭҵааҩы, жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Владимир Бабахь-иԥа Агрба.

Владимир Агрба диит ԥхынгәы 10 1935 шықәса рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Даԥсыуаҵәҟьан, аҳәатәи аҳәашьеи дақәшәон: Владимир Агрба игәалашәаразы

1943 шықәса рзы Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратә школ дҭалеит, анаҩс 1950 шықәса рзы иҵара иациҵеит Тамшьтәи абжьаратә школ аҟны. Аҩбатәи акласс аҿы дыштәаз аԥсышәала аҵара азин рымхны, ақырҭуа бызшәахьы ииаргеит аҵара. Иара иҵарагьы хиркәшеит 1954 шықәса рзы.

Максим Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит. Аамҭаказы аус иуан Кәтолтәи абжьаратә школ аҟны.

1965 шықәсазы далгеит Москва ақалақь аҟны Адунеитә литература аинститут аҟны иҟоу аспирантура. Шықәсык уи ҵхьаны ихьчеит акандидаттә диссертациа "Аԥсуа поезиеи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭеи" атемала.

Шықәсқәак рышьҭахь аусура далагеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны, 1968 шықәса инаркны аҭҵаарадырратә усзуҩыс дыҟан, 1975 шықәса инаркны - аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, 2012 шықәса инаркны Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага ҳәа дыҟан.

Иҭҵаарадырратә ус инаваргыланы, Владимир Бабахь-иԥа аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара еснагь агәҭаҵәҟьа дгылан, ижәлар рхьаа ихьаан, рзинқәа дырзықәԥон.

Абизнес адгылара

Хәажәкыра 28 раахыс ареспубликаҿы иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда арежим акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы.

Мшаԥы 1 азы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба арежим ҷыда аҟазараан анаплакытә субиектқәа адгылара рыҭаразы Адекрет инапы аҵеиҩит.

Абри адокумент ахада исаит аҟны икьыԥхьуп.

Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси акоронавирустә инфекциа COVID-19 иахҟьаны рекономикатә цәыӡқәа реиҵатәразы адгылара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны абарҭ ауснагӡатәқәа рыдкылоуп:

  • усхкқәак рзы ашәахтә ҷыда зшәози апатенттә системала ашәахтә зшәози иарбоу ашәахтәқәа ршәараҟынтәи рхы иақәиҭтәуп 2020 шықәса мшаԥы 1 инаркны лаҵара 31 рҟынӡа;
  • аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳазалхратә шәарақәа (аҳазалхратә баџь, аизга, ахәԥсацҵаз ашәахтә) рыҿҳәара процентда инахоит лаҵара 1 аҟынӡа;
  • аиҿкаарақәа рыҳасабеилыргаратәи, ршәахтәи, рстатистикатәи ҳасабрбақәа рынашьҭра 2020 шықәса мшаԥы 15 аҟынтәи аҭагылазаашьа ҷыда анаԥыххалак ашьҭахь ажәиԥшьтәи амш ахь ииагахоит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра анапы ианҵоуп Адекрет амҩаԥгашьа ахылаԥшра.

Ашәарақәа рыҿҳәара анахара

Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа ирабжьгоуп ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы акредит аԥсахыҩцәа ркатегориақәак аштрафтә санкциақәа рықәрымҵарц.

Аԥсны Амилаҭтә банк акредиттә еиҿкаарақәа ирабжьнагеит аԥсахыҩцәа, ареспубликаҿы иалагалоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы зфинанстә лшара еиԥҟьаз, руал арԥсыҽырц.

Зуалқәа дырԥсыҽуа рахь иаҵанакуеит:

  • зулафахәы, зтәанчахәы аанкылоу ма заагарҭа еиԥҟьоу убри инадҳәаланы ианаамҭоу зуал ззымшәо ахатәхаҿқәа.
  • зынхамҩатә усура аанкылоу аиурист хаҿқәеи анаплакыҩцәеи.

Иарбоу акредитқәа рыла зыҿҳәара иахыԥоу ауалқәа мшаԥы 1 азы мызк рхылазар, урҭ рашәара 30 рҟынӡа арезерв аиҿкааразы ирԥсыҽуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Нацбанк  - Sputnik Аҧсны
Абанк аԥсахыҩцәа руал арԥсыҽуеит

Рашәара 30 рҟынӡа иара убасгьы арезерв еиҿкаатәуп аҭагылазаашьа ҷыда аналагалаха ашьҭахь зфинанстә ҭагылазаашьа ахәшьара лаҟәыз ауалҟаҵаҩцәа рырԥсах азы ацәыӡқәа азыԥхьагәаҭаны.

Мшаԥы 1 азы ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атәылаҿ аекономикатә ҭагылазаашьа еиӷьызтәуа ақәҵара инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны, ихымԥадатәиу атауарқәеи ахәшәқәеи алагалатә ҳазалхратә баџь рықәхуп.

Аԥсны акоронавирустә ҿкы ишаҿагыло иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0