Адукатцәа Рпалата ахантәаҩы Иван Зарандиа иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукИван Зарандия
Иван Зарандия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Зарандиа адукатцәа Рпалата напхгара аиҭон 1993 шықәса раахыс.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Адукатцәа Рпалата ахантәаҩы Иван Зарандиа иԥсҭазаара далҵит 75 шықәса дшырҭагылаз ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иколлега Константин Чагәаа. Зарандиа иԥсҭазаара далҵит Москва, ихьыз амикроинсульт ашҭахь дахьцаз.

"Иахьынӡаздыруа ала, аҳақьымцәа игәаҵәа акьыба амоуп ҳәа шьақәдыргылеит, аҵыхәтәантәи астадиа", - иҳәоит Чагәаа.

1976 шықәса рзы Иван Зарандиа Красноиарсктәи ауниверситет ашьҭахь Тҟәарчал ақалақь аҿы аиуристәт консультациаҿы аусура далагеит.

"Аибашьра ашьҭахь Аԥсны адвокатура аиҭашьақәыргылара ахыҵхырҭаҿы дгылан. Аибашьра аламҭалаз 117-ҩык иҟаз акадртә еилазаараҟынтә иаанхаз 6-7-ҩык роуп. Иахьазы адукатцәа Рпалатаҿ аус руеит 120-ҩык", - иҳәеит иара.

Иван Зарандия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Зарандиа: анаркотикқәа здызкыло ахьынӡаҟоу, иара ааргалоит

Иван Зарандиа даара игәыҭбааз уаҩԥсын иҳәоит Чагәаа.

"Иван Чанҭа-иԥа аҭаацәа бзиа иман, ҩыџьа аԥацәеи амоҭацәеи иман. Аус ицызуаз рызгьы еснагь дҳаҵҳаҵон", - азгәеиҭеит иара.

Иван Чанҭа-иԥа Зарандиа диит цәыббра 30, 1945 шықәса рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан. 1966 - 1969 шықәсқәа рзы амилициаҿы аус иуан.

1973 – 1976 шш. – Красноиарск ақалақь Кировтәи РОВД ахьчаратә ҟәша деиҳабын.

1975 шықәсазы далгеит Красноиарсктәи аҳәынҭқарратә университет.

1977 шықәсазы Аԥснытәи АССР адукатцәа Рколлегиа далахәылахеит. 1981 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҿы аиурист консультациа аиҳабыс дҟарҵеит. Абҵара 11, 1993 шықәса инаркны аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра адукатцәа Рпалата ахантәаҩыс дыҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0