Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәба Гал аҽыԥхьакырҭа аҟынтә иаушьҭыз рзы: акгьы рыдбаламызт

© Foto / из личного архива Генриха ТужбаГенрих Тужба
Генрих Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада иҳаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҿыц акарантин иақәшәаз ауаҩы дышрыдыркылаз, насгьы заамҭа ааины аҽыԥхьакырҭа аанзыжьыз ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҭыжәба Гал аҽыԥхьакырҭаҟынтә иаушьҭыз ирызкны

"Жәаха мшы аҽыԥхьакырҭаҿы иҟаз аушьҭын, избанзар акгьы рыдбаламызт. Иацы Калугантәи Гал араион ахь иааз даҽаӡәы даҳзааргеит. Аштаб аҟынтә адҵа ҳаҭан урҭ аушьҭны рҭыԥ рыцқьаны даҽаӡәы дҳадаҳкыларц. Иара ақалақь аҿы дынхоит. Уа дахьыҟазгьы ддәылҵӡомызт иҳәеит. Данаауазгьы ихатә машьыналоуп дшаауаз, ишахәҭаз деибыҭан, абылтәы анҭаитәозгьы акартала ахә ишәон. 14 мшы акарантин аҿы дыҟазароуп ҳәа адырра аниаҳҭа дақәшаҳаҭхеит. Иара иҩны акыр шықәса зхыҵуа иангьы дыҟоуп уи лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаимыргыларц азы акарантин аҿы аанкылара шаҭаху еиликаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.

Ақырҭуа аинформациатә хархәагақәа рҿы иҟоу аинформациа, Аԥснынтә Қырҭтәылаҟа еиҭа ҩыџьа ауааԥсыра аҳәаа иахыгазшәа, уи аҩыза ахҭыс аҭыԥ аманы ашәарҭадаратә маҵзура аҟынтә адырра ҳамам ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0