АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Акоронавирус змоу ачымазцәа зегьы иахәҭоу ахәышәтәра роуеит, рҭагылазаашьагьы аиӷьхарахь амҩа иқәуп ҳәа рҳәеит COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб аҿы.
Ииасыз амш азы атестқәа ирхысит хәҩык ауаа. Урҭ авирус рыдбалам.
Аоперативтә штаб ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, аҭагылазаашьа акыр ишҭышәынтәалоугьы, ус дук рымамкәа аҩны идәылымҵларц.
Мшаԥы 7 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа официалла ишьақәырӷәӷәан акоронавирус ауаҩԥсы ихьит ҳәа ахҭыс. Уи идырбалеит Гагра ақалақь аҿы инхо ауаҩы, иара хәажәкыра 29 рзы Москвантәи дхынҳәит, мшаԥы 6 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аҩбатәи ахҭыс аарԥшын мшаԥы 8 рзы. Адиагноз лзықәдыргылеит раԥхьа акоронавирус зыхьыз ахаҵа имадаз аԥҳәыс. Аамҭақәак рышьҭахь акоронавирус лыдбалан 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс бырг.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Схаҭагьы сҳақьымын: акоронавирус змоу аԥҳәыс бырг лчымазара аҩны илхылгарц лыӡбеит
-
Москватәи аԥсуа диаспора Аԥсныҟа ацхыраара аанашьҭит