Аветеринар Џьапуа: аҳәақәа ранҵара ҳазыразым
"Аԥсны аҳәачымазарақәа иҟоу рҟынтәи зегь раасҭа ишәарҭоу африкатәи аҳәамырза ауп, 13 шықәса ҵит шьҭа ицәырҵиижьҭеи ҳтәылаҟны. Иара ус иналак-аалакны ацәырҵра адыруеит, насгьы ишабалак ианыҵӡом знык иахьцәырҵыз. Усҟан иқәырхуан зегьы, аха инагӡаныҵәҟьа ирзымшьит.
Зҳәақәа чмазаҩны иԥсуа ҳаспециалистцәа иддырбар, ирдыруеит уи ачымазара. Аҳәамырза иара ҩ-хкык ыҟоуп: африкатәи ҳәа изышьҭоу, нас аклассикатә. Убарҭ ирыхҟьаноуп аҳәақәа реиҳараӡак зыԥсуа. Африкатәи аҳәамырза хәышәтәышьа амам. Аԥсны аҳәақәа ранҵара ҳазыразым. Аҳәақәа иоужьны ианрымоу авирус акра рзымариоуп, рхыԥхьаӡара зегьыҵәҟьа ақәхра анрықәшәо ҟалоит", - иҳәеит Џьапуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.