Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Салаҟаиаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсшьаҩцәа ҟамлар, уи амаамынааӡарҭа ишаныԥшуа

© Sputnik Альдона Салаҟаиаԥҳа
Альдона Салаҟаиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵааратә институт аекскурсиа аҟәша аиҳабы Альдона Салаҟаиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит акоронавирус иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа русура ишаныԥшуа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Салаҟаиаԥҳа аԥкрақәа амаамын ааӡарҭа аусура ишаныԥшуа атәы

"Аҳәаа аадмыртыр, аԥсшьаҩцәа маар, ҳбиуџьеҭ акгьы иацлаӡом. 50% инареиҳаны иҳауа ахашәала аԥхын аамҭазы, лаҵарамза инаркны жьҭаарамзанӡа, ҳбиуџьеҭ аҟны иҟалом. Уи рныԥшуеит раԥхьа инаргыланы амаамынқәа, рыфатә-рыжәтә, еилзырго руалафахәы ианыԥшуеит, аҭҵаарадырратә ҟәша ианыԥшуеит. Аҭҵаарадырра аҭагылазаашьа иаҳа иԥсыҽхоит, Урыстәылеи ҳареи еицаҳзеиԥшу апроектқәа аус рулоит, аха аҭыԥантәи - аанкылахоит. Насгьы, аԥхын азы иҳауаз ахашәала аҭҵаарадырратә усзуҩцәа руалафахәы анырра анаҭалон, аԥара рзацлоит, аха уигьы ҟалаӡом. Ҳәарада, аекономика аганахьала ҳаԥсыҽхоит, ҳҭагылазаашьагьы макьаназ иуашәшәыроуп. Ҳзеигәырӷьо ҳәа акгьы ыҟам. Лаҵарамза акы инаркны еснагь асезон ҳазыԥшын, уи ҳақәгәыӷуан, ҳусура зегьы убасҟаноуп ианалаго, аха сынтәатәи аҭагылазаашьа шьҭа идыруп, ҳәарада, уи ҳныԥшуеит", – ҳәа еиҭалҳәеит Салаҟаиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0