Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганба Галтәи аџьармыкьа аусуразы: аԥҟара ҿыцқәа ирықәшәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОмар Бганба
Омар Бганба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада Омар Бганба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны Галтәи аџьармыкьа аусура шеиҿкаахо.

Аԥсны иахьаҵанакуа афатә аалыҵ ахьырҭиуа аџьармыкьақәа мшаԥы 20 рынахыс иаадыртуеит. Абри азы аусдҵа мшаԥы 17 рзы инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба. Аџьармыкьақәа русура аграфик ақалақьқәа, ма араионқәа рсанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа рақәшаҳаҭрала иҳәаақәырҵоит. Аџьармыкьақәа макьаназы мчыбжьык ахь хымш аус рулоит.

Бганба Галтәи аџьармыкьа аусуразы: аԥҟара ҿыцқәа ирықәшәеит

"Амза ҩажәа нахыс аԥҟарақәа ишырҳәо ала мчыбжьык ахь хынтә аџьармыкьақәа аусура иалагоит. Ҳара ҳҟны ус иагьыҟан, ахашеи, ахәашеи, амҽышеи роуп аус анауаз, уажәгьы аԥҟарақәа ирықәшәо иҟалеит. Арзҩыдаратә ус азы зегьы ҳамоуп. Аҩаша ҳанааиуа аусура адезинфекциа ҟаҳҵар сҭахуп, аџьармыкьа ахаша иаатуеит", - иҳәеит Бганба.

Хәажәкыра 28 инаркны акоронавирус алаҵәара ашәарҭара инадҳәаланы атәылаҿы аџьармыкьақәа зегь аркын.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0