COVID-19 зыхьыз аԥҳәыс бырг ахәышәтәырҭа аҭалара дақәшаҳаҭхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи аԥҳәыс бырг акоронавирус азы адиагноз лзықәдыргылеит мшаԥы 11 рзы, убри амш инаркны лара ахәышәтәырҭа аҭалара мап ацәылкуан, аҩны дшыҟаз иаҭахыз ахәышәтәра дахысуан, аспециалистцәа лхылаԥшуан.

АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Уаанӡа акоронавирус лылоуп ҳәа адиагноз ззықәыргылаз Гагратәи аԥҳәыс бырг ахәышәтәырҭа аҭалара дақәшаҳаҭхеит. Абри атәы аанацҳаит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Аҽыԥхьакра арежим аҟны иҟаз, аха изныкымкәа ахәышәтәырҭа дҭаларц забжьаргоз 1925 шықәсазы ииз апациент уажәшьҭа лхаҭа ахәышәтәырҭа аҭалара дақәшаҳаҭхеит, уи мзызс иаиуит лара лҭагылазаашьа аицәахара иахьалагаз. Иахьа лара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭарҵеит. Уа лара илзымҩаԥыргоит ишьақәыргылоу астандарт иақәшәо COVID-19 аҟынтәи ахәышәтәра", - ҳәа аанацҳауеит аштаб адырраҭара.

Актәи апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы аҳақьымцәа рнапаҵаҟа дыҟоуп. Уи иааиуа амшқәа рзы дҭырҩаауеит. Аҩбатәи ачымазаҩгьы лҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирус азы атестқәа ирхысит 27-ҩык ауааԥсыра. Урҭ зегьы акоронавирус рылам ҳәа ишьақәырӷәӷәан.

Аԥсны акоронавирус ахьра раԥхьатәи ахҭыс шьақәыргылан мшаԥы 7 рзы Москвантә иааз Гагра ақалақьуаҩ иҟны. Мшаԥы 8 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дааргеит аҿкы зцәа иалаз уи иԥҳәысгьы.

Мшаԥы 11 рзы еилкаахеит акоронавирустә ҿкы шлыдбалоу дара ргәылара инхо 95 шықәса ирҭагылоу аԥҳәыс бырг. Мшаԥы 17 рзы аоперативтә штаб адырра злаҟанаҵаз ала, лара лҭагылазаашьа аицәахара иалагеит, аха уеизгьы ахәышәтәырҭа аҭалара иахьа уажәраанӡа мап ацәылкуан.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа рзы аҵыхәтәантәи адыррақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0