Аспектакльқәа онлаин: РУСДРАМ апроект ҿыцқәа азнархиоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРусдрам
Русдрам  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаԥшыҩцәа РУСДРАМ апроектқәа рышьҭраԥшра рылшоит онлаин режим ала атеатр YouTube аканали Facebook адаҟьеи рҿы.

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр онлаин-проект ҿыцқәа азнархиоит ҳәа иҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба Facebook имоу идаҟьаҿы.

РУСДРАМ ахәыҷқәеи адуцәеи аспектакль ҿыцқәа рызнархиоит - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ ахәыҷқәеи адуцәеи аспектакль ҿыцқәа рызнархиоит

"Ҳара иҳагәҭакуп апроект "Онлайн-читки" аус арура. Иаҳҭахуп онлаин режим ала аспектакль ахәмарра. Уи азы ҳхы иаҳархәоит апрограмма Zoom, аспектакль YouTube аҿтәиҳканал ала идырбахар ҟалоит", - иҳәоит иара.

"Онлайн-читки" аҳәаақәа ирҭагӡаны апрограмма иалагоит мшаԥы 22 асааҭ 18:00 рзы, актерцәа "Моцарти Сальерии" ихәмаруеит, асааҭ 20:00 рзы– "Арыцар каџьбеи".

"Ҳара иҳаӡбеит адунеитә литература иаҵанакуа аспектакль ала ҳалагарц. Александр Сергеи-иԥа Пушкин арҭ итрагедиа маҷқәа иҩуан акарантин аамҭаан. Акоронавирустә акәым ҳәарада, ахолератә карантин аан. XIX-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Апиеса маҷқәа "Моцарти Сальерии", "Арыцар каџьбеи", "Аршра аамҭазтәи аныҳәа", "Ахаҳә-сас" шәара шәзы ишиашоу ицо аефир ала ҳахәмаруеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Хынҭәба.

Уи адагьы хара имгакәа иазыԥхьагәаҳҭоит РУСДРАМ аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" акинотеатралтә версиа.

"Иахьа атеатр аус ауӡом. Ахашәала амаӡам. Сгәы иаанагоит ҳахәаԥшыҩцәа ацхыраара ҟарҵар ҟалоит ҳәа", - иҳәоит адиректор хада.

РУСДРАМ адиректор хада иажәақәа рыла, лаҵарамзазы арепетициақәа ирылагозар ҳәа иԥшуп. Федерико Гарсиа Лорка ирҿиамҭа иалху аспектакль "Ишьаарҵәыроу ачара" Мариа Романова лықәыргыламҭа аԥхьарбара азыԥхьагәаҭан уаанӡагь рашәара 20 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0