00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

РУСДРАМ ахәыҷқәеи адуцәеи аспектакль ҿыцқәа рызнархиоит

© Sputnik Томас ТхайцукРУСДРАМ ахәыҷқәеи адуцәеи аспектакль ҿыцқәа рызнархиоит
РУСДРАМ ахәыҷқәеи адуцәеи аспектакль ҿыцқәа рызнархиоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр 2020 шықәса актәи азбжазы ҩ-спектакльк раԥхьарбара мҩаԥнагараны иҟоуп.

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Аспектакльқәа "Буратинои" "Ашьаарҵәыратә чареи" РУСДРАМ аҿы иқәыргылахоит хәажәкыреи мшаԥи рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Асезон ҿыц аартра иазкыз апресс-конференциаҿы ишҳәаз инақәыршәаны, ашықәс актәи азбжазы х-спектакльк ӡыраагароуп. Урҭ руак - "Оскар" – жәабран алагамҭазы иӡырган. Лассы ишәыдаагалараны иҟоуп Алексеи Толстои илакә " Буратино ихҭысқәа" иалху аспектакль ", - иҳәеит иара.

"Буратино ихҭысқәа" Џьамбул Жорданиа иавтортә спектакль ауп. Аԥхьарбара мҩаԥгахоит хәажәкыра 6 - 7 рзы. Адекорациақәа азирхиеит Витали  Қацәба, ацәамаҭәа асахьаҭыхыҩ - Наталиа Шпанова (Санкт-Петербург).

Мшаԥы 23 - 24 рзы РУСДРАМ иӡырнагоит испаниатәи апоет Федерико Гарсиа Лорка ипиеса иалху аспектакль "Ашьаарҵәыратә чара" (арежиссиор Мариа Романова. Санкт-Петербург).

РУСДРАМ  - Sputnik Аҧсны
РУСДРАМ аҿы актиорцәа хәыҷқәа рыдкыларазы акастинг хдыркәшеит

"Лара аспектакль лхатә знеишьа алҭеит. Сара иахьынӡеилыскаауа ала, даара ҳхызхша спектакльхоит. Лорка ирҿиамҭа ахаҭа акәзар – поезиоуп. Абзиабареи аԥсреи рышьхәа шеивҵоу атәы аҳәоит, иаҳәоит зны-зынла ауаҩы иҟаландаз ҳәа дзеиԥхыӡуа уаҩытәыҩсак иаҳасаб ала дыԥнаҽыр шауа", - иҳәоит Хынҭәба.

Ароль хадақәа ихәмаруеит Мадлена Барцыцԥҳаи Осман Абыхәбеи.

"Ҳгәы ҭамгыло аԥхьарбара ҳазыԥшуп. 2020 шықәсазтәи акультуратә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду ааннакылараны иҟоуп ҳәа ҳахәаԥшуеит. Аспектакль аус адуларазы иадԥхьалоуп Санкт-Петербургтәи акоманда – ахореограф Римма Саркисиан, алашаразы асахьаҭыхыҩ Денис Солнцев, асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ – Мариа Филаретова, ацәамаҭәазы асахьаҭыхыҩ – Наталиа Шпанова", - иҳәеит иара.

2020 шықәсазтәи раԥхьатәи аспектакль "Оскар" иахәаԥшхьеит 1500-ҩык рҟынӡа атеатр абзиабаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0