Мшаԥы 17-21 рзы шәҩык инарзынаԥшуа Ԥсоу аҳәаа иахысит

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчареи акоронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара аԥырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусдҵа инапы аҵаиҩит мшаԥы 17 инаркны Аԥсныҟа иаауа зегьы аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" ахь инашьҭлазарц.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Мшаԥы 17-21 рзы Ԥсоу иаԥну аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысит 131-ҩык Аԥсны ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа апресс-конференциаҿ ишиҳәаз ала, урҭ реиҳараҩык акарантин арежим иқәныҟәоит.

"Аҳәаа иахысуа маҷуп. Урҭ зегьы хылаԥшра раҳҭоит. Дара ирызку аинформациа наҳашьҭуеит ареспубликатә санитар-епидемиологиатә маҵзурахьи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахьи. Аиҳараҩык аҽыԥхьакратә режим иацәхьаҵуам", - иҳәоит аминистр.

Мшаԥы 17-21 рзы Ԥсоу иаԥну аҳәынҭқарратә ҳәаа зынӡа иахысит 486-ҩык, урҭ рҟынтәи 131-ҩык Аԥсны иауааԥсыроуп, 160-ҩык аидара мҩанызго роуп, 195-ҩык Урыстәылатәи Афедерациа аруаа роуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура.

Пациент перед операцией - Sputnik Аҧсны
Авирус змоу ахԥатәи ачымазаҩ лҭагылазаашьа еиҭашәоит

"Аиҭар" адирекциа ишырҳәо ала, иахьазы уа иҟоуп гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедусзуҩцәа ԥшьҩык. Дара акоронавирус змаз ахаҵа ишиашоу иныруаз роуп.

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик мшаԥы 17 инаркны аусура СЕС ахҳәаа мшаԥы 23 рзы ишыҟалҵо лҳәеит.

Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит амилициа аҽыԥхьакра арежим ауаа шықәныҟәо, аҽыԥхьакраҿы иҟоу ауаа афатә рызнагараҿы амилициа аусзуҩцәа ацхыраара шыҟарҵо рҳәеит.

Аҭагылазаашьа ҷыда аналаргала ашьҭахь атәыла асасааирҭақәеи апансионатқәеи рҟны ирхиоуп 400 ҭыԥ.

Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик - Sputnik Аҧсны
Мчыбжьык ахьтә хымш: Аԥсны аџьармыкьақәа русушьа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ауааԥсыра рыхьчара иазку аԥкратә уснагӡатәқәа рыԥсахразы Адҵа. Адҵа атекст аҟны иҳәоуп:

Иԥкызааит атәылауаа ркатегориақәа зегьы ирыҵаркуа атәылауаа аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пунктқәа рыла ралалара 2020 шықәса лаҵарамза 1 аҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база; жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспорттә хархәагақәа рныҟәцаҩцәа; аидаратә дәыӷбақәа рныҟәцаҩцәа; атәым ҳәынҭқаррақәа рмедицинатә усҳәарҭақәа рыҟнытә илҩаау Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа, ирыцу ахаҿқәа (аҭынхацәа); хымԥадатәи рҽыԥхьакреи иақәнагоу амедицинатә хылаԥшра рыҭареи раан ҿыц иизи урҭ рҭаацәеи, атәым ҳәынҭқаррақәа рмедицинатә усҳәарҭақәа рыҟнытә илҩаау; Аԥсны атәылауаа рыԥсыбаҩ аагареи урҭ ирыцу ахаҿқәа (аҭынхацәа) рыда; акоронавирустә ҿкы COVID-19 ачымазара ахьышьақәыргылоу аҭагылазаашьақәа рыҟны 14 мшы ҿҳәарас иаҭаны атәылауаа рҽыҧхьакра алыршазааит ҳәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0