АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит апартиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс иҟаҵаразы Аусдҵа. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵазааит Кәыҵниа Алхас Алықьса-иԥа", - аҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.
Уи аԥхьа Александр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министрс дҟаҵазарц аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада.
Кәыҵниа Алхас Алықьса-иԥа диит 1969 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Аҟәатәи абжьаратә школ №10 даушьҭымҭоуп. Қырҭтәылатәи асубтропикатә институт далгеит "агроном" изанааҭ иманы. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп. "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп.
2005 - 2014 шықәсқәа рзы – Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ.
Дҭаацәароуп. Аԥеи ҩыџьа аԥҳацәеи драбуп.
2019 шықәсазтәи алхрақәа раан кандидатс дықәгылан апартиа "Амцахара" аҟынтәи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит
- Хымз аиҭакрақәа рзы: аҭоубашьҭаҵара ашьҭахьтәи ашьаҿақәа
-
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәаным ҳәа иазханаҵеит