Асанитар-епидемиологиатә маҵзура Аԥсныҟа иаауа рыҽшыԥхьаркуа иахылаԥшуеит

CC0 / / Девушка в маске
Девушка в маске  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба мшаԥы 17 рзы инапы зҵаиҩыз аусдҵа инақәыршәаны аҳәаа иахысуа зегьы 14 мшы аҽыԥхьакра рыхәҭоуп.

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәа Аԥсныҟа иҭалаз ҳтәылауааи дареи еиныруеит, авидеоеимадара рымоуп лҳәоит ареспублика асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Аҭелрбага ала иахьыҟоу ишыҟоу ҳдырбоит. Аӡәымзар аӡәгьы дгәыгәҭажьым. Аиҳарак арахь иаауа студентцәа роуп, ма ҽыхәышәтәра ҳәа Урыстәыла иҟаз", - лҳәоит лара.

Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Мшаԥы 17-21 рзы шәҩык инарзынаԥшуа Ԥсоу аҳәаа иахысит

Скорик лажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭазы иаауа рацәам, аха иҟоу аҽыԥхьакратә режим иазхьамԥшуа ыҟоуп. СЕС аусзуҩцәа ирылшом урҭ ауаа рыдыргыланы рхылаԥшра лҳәоит лара.

Скорик иазгәалҭеит асасааирҭа "Аиҭар" аҿы мчыла аӡгьы дшаанырымкыло. Аҩны акарантин изықәымныҟәо уахь инеир рылшоит.

"Аҳәаа ианахысуа згәабзиара еиҭакрак амам ауаа раанкылара ҳалшом, иахьазы аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхуп азы. Сара снапы ианым ауаа рныҟәара, рхақәиҭра аԥкра. Сара урҭ ргәабзиара ацклаԥшроуп снапы иану", - лҳәоит аҳақьым.

Мшаԥы 17-21 рзы Ԥсоу иаԥну аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысит 131-ҩык Аԥсны ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа апресс-конференциаҿ ишиҳәаз ала, урҭ реиҳараҩык акарантин арежим иқәныҟәоит.

"Аҳәаа иахысуа маҷуп. Урҭ зегьы хылаԥшра раҳҭоит. Дара ирызку аинформациа наҳашьҭуеит ареспубликатә санитар-епидемиологиатә маҵзурахьи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахьи. Аиҳараҩык аҽыԥхьакратә режим иацәхьаҵуам", - иҳәоит аминистр.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз страны Валери Бганба мшаԥы 17 рзы инапы зҵаиҩыз аусдҵа инақәыршәаны аҳәаа иахысуа зегьы 14 мшы аҽыԥхьакра рыхәҭоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0