Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит

© Foto / Минестерство обороны РАУрыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит
Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргаразы Аԥсныҟа иааит мшаԥы 18 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мшаԥы 26 рзы Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит ҳәа Sputnik иазаанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа Тҟәарчал ақалақь аҿы 40 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит. Убри азы ахархәара рыҭан 13 автомашьына. Ирыцқьан аџьармыкьеи араионтә хәышәтәырҭа ахыбреи.

Урыстәыла Аԥсныҟа мшаԥы 18 рзы аҟазауаа аанашьҭит аԥыза-министр Валери Бганба Михаил Мишустин иахь мшаԥы 13 рзы иҟаиҵаз аҳәара аҭакс. Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит атехника ҷыда ареспубликахь ишаашьҭу атәылақәа рыҩба ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

© Foto / Минестерство обороны РАУрыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит
Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит - Sputnik Аҧсны
1/4
Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит
© Foto / Минестерство обороны РАУрыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит
Урыстәылатәи аруаа Тҟәарчал 39 обиект асанитартә рзҩыдара иахрыжьит - Sputnik Аҧсны
2/4

3/4

4/4

Атехникеи аҟазауааи Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿы иаангылеит. Арзҩыдаратә усурақәа рышьҭахь автомашьынақәеи аруааи иҷыдоу арыцқьара иахрыжьуеит.

Военнослужащий полка радиационной, химической и биологической (РХБ) защиты Южного военного округа проводит дезинфекцию - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа 150 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит Аԥсны

Асанитартә уснагӡатәқәа ирылаган мшаԥы 22 рзы. Уи аахижьҭеи асанитартә рыцқьарақәа мҩаԥыргахьеит иара убас Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа рҿы. Убасгьы Гал араиони Аҟәеи адезинфекциа мҩаԥыргараны иҟоуп.

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аспециалистцәа иҷыдоу асанитартә рыцқьарақәа мҩаԥыргоит  ахәышәтәырҭақәа, аџьармыкьақәа, ахадарақәа рхыбрақәа рҟны. Иара убас урыстәылатәи аруааи амедициантә усзуҩцәа абжьгарақәа ҟарҵоит акоронавирус зыхьыз рыхәышәтәра азҵаарақәа рганахьала.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, урыстәылатәи аспециалистцәа асанитартә усурақәа мҩаԥыргалоит лаҵарамза алагамҭанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0