Џьульетто Кьеза иԥсразы: ауаатәыҩса ирҿагылоз ацәгьоурақәа драӷан

© Sputnik / Александр Натрускин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДжульетто Кьеза. Архивное фото
Джульетто Кьеза. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра дахьыҟазаалакгьы, аус ахьиуазаалакгьы иадгылоз италиатәи ажурналист Џьулетто Кьеза иԥсҭазаара иалҵра инамадын уи хаҭала дыздыруаз, иусушьа ахырхарҭа пату ақәызҵоз ауаа иара изкны анҵамҭақәа шырҩыц ирыҩуеит.

 Sputnik

Ажурналист, афилософ Владимир Лепиохин ишиҳәо ала, "урыстәылатәи аԥхьаҩ ибзианы еиликаауеит Џьульетто Кьеза ихаҭара аҩаӡара ҳаракы, аиҳаракгьы уажәы – иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь. 20-тәи ашәышықәса 80-ашықәсқәа раан Александр Зиновьеви иареи даара еизааигәахеит. Еиҩызцәахеит. Дара еиднакылон Урыстәылеи адунеитә цивилизациеи рԥеиԥш азхәыцра. Абри атәы лыҩуеит Ольга Зиновьева РИА Новости аҟны.

Кьеза изныкымкәа Урыстәыла даҭаахьан, атәылаҿи адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ииашоу ахәшьара аиҭахьан. Сара сзы Џьульетто Кьеза - Ернест Хемингуеи дианалогны сихәаԥшуеит ажурналистика аусхк аҿы. Раԥхьаӡа иргыланы уи аналогиа иаанаго рдунеихәаԥшышьатәи рыԥсҭазааратәи позициа аиԥшроуп.

Хемингуеи иԥсҭазаара зегьы активла ихигеит. Дрылахәын: Актәи адунеизегьтә еибашьра, Испаниатәи аибашьра, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра. Ахаангьы антинацисттә позициа иман. Иҩымҭақәа рҿгьы иааирԥшуан. Абасеиԥшҵәҟьа акәын дшыҟаз Кьезагьы. Иара иԥсы ахьынӡаҭаз Асовет Еидгылеи Урыстәылеи гәыла-ԥсыла дырзыҟан. Ауаатәыҩса ирҿагылоз ацәгьоурақәа драӷан.

Ажурналистикаҿы, аполитикаҿы Џьульетто Кьеза ипозициа ахааназгьы икониунктуратәымызт. Иара еснагь аиашара дашьҭан. Даҿагылон Европа зхы ыҵызхуаз антикоммунизми русофобиеи. Убри ауп Кьезагьы Александр Зиновьев иеиԥш 2001 шықәса цәыббра 11 рзы Ниу-Иорк иҟалаз ахҭысқәа рофициалтә версиа дзаҿагылоз.

Џьульетто Кьеза дантиглобалистн, аиҳаракгьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы. 2014 шықәса рзы мраҭашәараа рыдгыларала Киев амчра анеиҭарк ашьҭахь "адемократиатә" Европа Урыстәыла иақәымчуа иалагеит, аекономикатә санкциақәа азуа. Убасҟан иара Москва адгылара аиҭеит иҟоу шыҟоу еилкааны. Кьеза европатәи аԥхьаҩ иеилиркаауан ҳаамҭазтәи аглобалтә капитализм аиашамра.

Приезд Джульетто Кьеза в Москву - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҩыза бзиа: Џьулетто Кьеза иԥсҭазаара далҵит

Убри аан италиатәи ажурналист Кремли ҳаамҭазтәи урыстәылатәи аелитеи иҟарҵо зегь иашоуп ҳәа ишьомызт. Кьеза изныкымкәа урыстәылатәи ачынуааи аолигархцәеи акритика рзыҟаиҵахьан. Иара дзыдгылоз ажәлар ракәын, адемократиа иаша акәын.

Адунеи аҿы дмаҷын ажурналист Џьульетто Кьеза иеиԥш ацәгьоуратә кланқәа адунеитә еиҿкаашьа ҿыц, ацифратә еиҿкаашьа ҿыц ҳхадырԥарц иахьаҿыз иаҿагылоз. Убри азоуп жәларбжьаратәи антиглобалисттә ассоциациа "МегаЧип" дзахагылаз.

2016 шықәса рзы Џьульетто "МИА "Россия сегодня" "Зиновьевтә клуб" далахәылахеит раԥхьа иргыланы аклуб адунеи аҿы Урыстәыла ахаҿ иаша ахьаанарԥшуаз азы.

Џьульетто Кьеза ихаҭара иахьа иара данҳалагылам еиҳагьы еилаҳкаауа ҳалагоит. Ҳара ахааназгьы дҳагны даанхоит ҳҩыза – Џьульетто Кьеза.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0