Амилициаа Гагра ибжьаӡыз ақәыԥш ишьҭоуп

© Foto / предоставлено Мариной ИнарцбаЛеван Инарцба
Леван Инарцба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәиԥшь шықәса зхыҵуа Леван Инарцба хәажәкыра 6 рзы аҩны дахьдәылҵыз дыхнымҳәӡеит. Знык иҭаацәа аҭел дырзасит.

АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа иԥшаара иаҿуп зықәра наӡам Гагратәи ақәыԥш Леван Инарцба. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ААР асаит.

"Мшаԥы 24 рзы аҷкәын иҭаацәа амилициа рахь адырра ҟарҵеит рыҷкәын акраамҭа ихабар шыҟаимҵац азы. Абри ашьҭахь Леван Инарцба иԥшаара хацыркын. Аҷкәын лассы-лассы ус ҟаиҵалон. Зықәра наӡам рзы аинспекциа рҿы ашәҟәы дҭагалан. Ахәыҷы амедицинатә хылаԥшра иҭахуп", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аҷкәын иан Марина Инарцба лажәақәа рыла, иара лассы-лассы дыбналалон, аха иҭаацәа адырра риҭалон.

"Хәажәкыра 6 рзы аҩны ддәылҵит. Адырҩаҽны аҭел дасит сҩызцәа рҟны сыҟоуп ҳәа. Хәажәкыра 8 быдысныҳәаларц снеиуеит иҳәеит. Уи ашьҭахь уаҳа ихабар сыздырам. Иара игәабзиара уашәшәыроуп. Иқәра дахьӡом еизҳарала", - ҳәа лҳәеит лара.

Марина илҳәеит иара идагьы ԥшьҩык ахәыҷқәа шлымоу, асеиԥш иҟоу ачымазаҩ ибара шыцәгьоу. Аҷкәын дахьыҟоу здыруа абри аҭел ала шәасыр алшоит: 234-11-71, 925-85-89, мамзаргьы Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь 02 ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0