Беслан Ешба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭоуп

© Sputnik / Марианна КубраваАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала ҿыц Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо даиҭеит.

АҞӘА – мшаԥы 30, Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо изы.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә-ҵакырадгьылтә акқәа рнапхгараҭаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарратә закәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны, Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭазааит Ешба Беслан Фиодор-иԥа", – ҳәа аҳәоит ахада исаит аҟны икьыԥхьу аусдҵа.

Беслан Фиодор-иҧа Ешба диит 1967 шықәса ҧхынҷкәын 23 рзы.

1985 шықәсазы далгеит Н.А. Лакоба ихьӡ зху 10-тәи Аҟәатәи абжьаратәи школ.

1992 шықәсазы далгеит Қырҭтәылатәи Ақыҭанхамҩа аинститут Аҟәа ақ. аҟны. Азанааҭ — анџьныр атехнолог.

1986 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа СССР Арбџьармчқәа рыҟны аррамаҵзура дахысуан.

1992-93 шықәсқәа рзы Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны Аҳәынҭқарратә Мчхара Иреиҳаӡоу Аусбарҭақәа рыхьчара амаҵзура аилазаараҟны дыҟан.

Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц - Sputnik Аҧсны
Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц

Аибашьрашьҭахьтәи ахҭысқәа раан Аҟәатәи абаталион акомандаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. Кәыдрытәи аоперациаҟны 2008 шықәсазы 4-тәи Аҟәатәи Абригада акомандаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.

1994 шықәса инаркны 1995 шықәсанӡа Аҧсны Ахада Владислав Арӡынба идҵала напхгара аиҭон "Аҧсны Аиҭаира Афонд" Москва ақалақь аҟны, атәылахь агуманитартә цхыраара аагара инапы иалакын.

1996 шықәса жәабранмза инаркны 1999 шықәса жәабранмзанӡа аекономикатә зҵаарақәа рзы Аҧсны Ахада иабжьгаҩыс дыҟан.

1999 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа напхгара аиҭон Аҳәынҭеилахәыра "Аҧсныбылтәы".

2007 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа Абанк “Универсал Банк” ахеилак Ахантәаҩыс дыҟоуп.

2010 шықәса нанҳәамза инаркны 2011 шықәса цәыббрамзанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра рхада ицхырааҩыс дыҟоуп.

2012 шықәса лаҵарамза инаркны 2013 шықәса мшаҧымзанӡа Аҧсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟоуп.

2013 шықәса мшаҧымза 30 рзы, Аԥсны Ахада Иусҧҟала аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩыс даҭан.

2014 шықәса рашәарамзазы аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ имаҵура ааныжьразы арзаҳал иҩит.

2015 шықәса нанҳәамза 15 инаркны иахьа уажәраанӡа АУЕ "Аҧсадгьыл" напхгара азиуеит.

Аекономикатә ҵарадыррақәа дыркандидатуп.

Беслан Ешба дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара имоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0