Агәабзиарахьчара аминистрра: ичмазаҩхаз ԥшьҩык Москва аҵара зҵо ҳастудентцәа роуп

© SputnikБрифинг. Минздрав РА
Брифинг. Минздрав РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус рыхьит ҳәа ишьақәыргылаз ԥшьҩык ачымазцәа Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь ииагоуп, уа дара иақәнагоу ахәышәтәра иахысуеит. Астудентцәа рҭагылазаашьа хар амам ҳәа ахәшьара арҭоит аҳақьымцәа.

АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Акоронавирустә инфекциа зыхьыз ԥшьҩык ачымазцәа Москвантәи Аԥсныҟа иааз аԥсуа студентцәа роуп, абри атәы иахьа Аҟәа имҩаԥысыз абрифинг аҿы еиҭеиҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"Ишыжәдыруа еиԥш, иацы аоперативтә штаб ирыланаҳәеит Ареспубликатә санепидемстанциа алабораториаҟны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла ԥшьҩык акоронавирустә инфекциа шрылоу шьақәзырӷәӷәо аинформациа. Урҭ ауаа зегьы Москвантәи Аԥсныҟа иааз ҳтәылауаа астудентцәа роуп. Дара зегьы уа иахьынӡаҟаз аҽыԥхьакратә режим аҿы иҟан, аобсервациатә усбарҭа аҭагылазаашьа рзаԥҵан", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵахнакьиа.

Ахәаша, лаҵара 8 рзы Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит Аԥсны иахьаҵанакуа ԥшьҩык COVID-19 рыдбалоуп ҳәа.

Тест-системы для диагностики нового коронавируса  - Sputnik Аҧсны
Ԥшьҩык Аԥсны атәылауаа акоронавирус рыдбалоуп

Лаҵара хԥа рзы асасааирҭаҟны 14-мштәи акарантин рхыргаразы иаагаз Урыстәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз раԥхьатәи акурсантцәа.

Иацынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 зыхьыз ҳәа ҿыц аӡәгьы дшьақәыргыламызт. Апандемиа рыларҳәеижьҭеи зынӡа ҳтәыла иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьхьан хҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ҩыџьа ргәабзиара ҭышәынтәаланы ахәышәтәырҭа иҭырҩаахьеит, даҽаӡәы, 1925 шықәса ииз аԥҳәыс бырг, лыԥсҭазаара далҵит.

Аԥсны аиҳабыра акоронавирус аламырҵәаразы иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара лаҵара 15 рҟынӡа инахеит. Аҳәаанырцәуаа рзы иаркуп аҳәаақәа рыҩбагьы.

Акоронавирус алаҵәара иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0