00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:43
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
18:16
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
18:19
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
18:49
18 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭраԥшьԥҳа лабду аԥшыхәҩы изы: хаҭала дахьсзымдыруаз хьаазгоит, аха сазгәыдууп ихаҵара

© SputnikАлика Ҭраԥшьԥҳа
Алика Ҭраԥшьԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Азиз Ҭраԥшь иеибашьратә мҩа аефир аҟны еиҭалҳәеит уи имоҭа Алика Ҭраԥшьԥҳа.
Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Ҭраԥшьԥҳа лабду Азиз иеибашьратә мҩа иазкны

"Сабду Ҭраԥшь Азиз Шьааиб-иԥа дыздырыртә изыҟамлеит, аха игәалашәара лашаны исыцуп. Иара хаҭала дыздыруаз изларҳәо ала, ауаҩы разы, ашьац ҟьцыр ҳәа ишәоз, аха ианаҭахха амцаԥшь иаҩызаз иакәын. Шықәсқәак раԥхьа аинтернет еимадара ацхыраарала еилыскааит аибашьра адәаҟны иааирԥшыз агәымшәаразы аҳамҭақәа маҷымкәа ишианашьаз. Сабду Анхәа ақыҭантә афронт ахь данцоз 19 шықәса ихыҵуан. Аибашьра адәаҟны ахәра иоухьан Ростов ақалақь, Кропоткино ажәылараан аконтузиа. Иара аибашьра зегьы ихигеит, дыԥшыхәҩын. Ианашьоу аҳамҭақәа рыбжьара иҟоуп Абираҟ Ҟаԥшь, Аеҵәа Ҟаԥшь аорденқәа, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡара. Исаҳахьеит аӷацәа дшырҭҟәахьаз, аха аԥснынтәи иқәшәаз аерман рԥыси иареи абналара рылшеит. Уи ахҭыс арбаӡам Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иаанарԥшыз ашәҟәқәа рҟны.

Аеҵәа Ҟаԥшь аорден зианаршьаз ҳәа адырра ыҟоуп. Ҳаӷацәа рминақәа рбатареиеи рхыршәга ҭыԥқәа хԥеи ркоординатақәа рзы идивизиахь адырра риҭеит.

Ахьӡ-аԥша аорден акәзар, ианашьан жәабран 1945 шықәсазы. Украина иахьаҵанакуаз аибашьраан аполкқәа ҩба рыдҵаҟаҵаҩцәа ахьтәаз аҩны анемеццәа акәшеит. Аԥшыхәҩы, асержант еиҳабы сабду Азиз Ҭраԥшь иҭаирхеит жәаҩык анемец фашистцәа. Адҵаҟаҵаратә пункт ахь аӡәгьы днаимышьҭӡеит.

Сабду ианашьаз аҳамҭақәа рыбжьара иҟоуп "Агәымшәаразы" амедалгьы. Уи ианашьан 1944 шықәсазы ақыҭа Лиамцкоруп азааигәара ҳаруаа жәылара ианцоз, аӡиас арра рызымҭоз аӷацәа рхыршәгақәа ҩба ықәихит. Уи ала ҳаруаа ԥхьаҟа рцара алыршан.

Сабду аҭынч ԥсҭазаараҿы аибашьра атәы далацәажәомызт, аха саҳәшьцәа еиҳабацәа ргәалашәараҟны инхеит аибашьра иазкыз акиносахьа данахәаԥшуаз, илаӷырӡ шиҵәахуаз. Аԥсуа хаҵа аҵәыуара иаҭәам ҳәа зыԥхьаӡоз сабду дацәыԥхашьон илаӷырӡ, ифырхаҵарақәа ртәы аиҭаҳәара. Ҳәарада, сара ихьаазгоит сабду дахьсзымдыруаз, аха убри аан сазгәыдууп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан аԥсадгьыл аӷацәа рҟынтә иҭазырцәыз афырхацәа гәымшәақәа дахьыруаӡәку", - лҳәеит Ҭраԥшьԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Аиаиира Ду 75 шықәса ахыҵра иазку анҵамҭақәа зегьы шәрыԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0