SputnikPro авебинар: аӡбарҭа уаҵанамкуа аматериал аиллиустрациа шазутәу

© Sputnik / Томас ТхайцукОбразовательный проект - SputnikPro. Лекция Олега Щедрова
Образовательный проект - SputnikPro. Лекция Олега Щедрова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik арккаратә программа SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны лаҵара 15 асааҭ 13:00 рзы имҩаԥнагоит авебинар абри атемала: "Право на фото: как проиллюстрировать материалы и не нарваться на суды. 10 основных проблем".

Авебинар аспикерс дҟалоит МИА "Россия сегодня" аинтеллектуалтә зинқәа рыҟәша аиҳабы Анна Черницына. Онлаин сессиа аан аексперт еиҭалҳәоит аиллиустрациақәа ркопираит аҿы иарбатәны иҟоу, аинтернет аҟынтәи афотосахьақәа ахрархәара ҟало иҟамло, асоциалтә ҳақәа рҿынтә афото ахархәараз азин ангатәу, мамзаргьы иангатәым убас иҵегьы.

Онлаин-сессиахь ааԥхьара рымоуп афотоҭыхыҩцәа, абильдредакторцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, АИХқәа рхадацәеи апресс-маҵзуақәа русзуҩцәеи. Ахалархәра зҭаху ашәҟәы нарышьҭыр ҟалоит рхалархәышьа арбаны. Аинформациа цҵа: +7 940 9977022.

SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп.

Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа,а апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рстудентцәа имҩаԥырго асеминарқәа, амастер-классқәа, алекциақәа ирсистемоуп. Адунеи атәылақәа 22: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа рҟны имҩаԥыргахьеит. 2018 шықәса раахыс апроект рхы аладырхәхьеит 80 тәыла рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа. Иҿыцу ажәабжьқәа Facebook аҟны шәрызҿлымҳаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0