00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥҳазоу Владимир Қапба изы: ибызшәа бџьарс иман

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ажурналист Владимир Қапба илаз абаҩхатәра акьыԥхь аҿы аарԥшра шилиршаз.

72 шықəса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ауаажəларратəи аҳəынҭқарратəи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьаз, иналукааша ажурналист, апублицист Владимир Қапба.

Аԥҳазоу Владимир Қапба изы: ибызшәа бџьарс иман

"Иааигәаны ҳахьеибадырыз агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҿоуп. Сара уа аусура салагахьан. Иара Аԥсуа радио аҿы шықәсқәак аус уны, агазеҭ ахь диасит. Убри инаркны, ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны ҭыԥк аҿы аус еицаауан. Владимир Қапба акультура аҟәшаҿы аусура далагеит корреспондентс. Уи нахыс аҟәша аиҳабыс дҟалеит. Иара агазеҭ аҿы аусура даналага илаз абаҩхатәра еиҳагьы иааԥшит, иҭышәынтәалеит. Акультура иаҵанакуа аусхк агазеҭ ианирԥшуан. Иара иҵаулаз аматериалқәа еиуеиԥшым азанааҭқәа замаз ауаа, анапхгаҩцәа, арҿиара аус знапы алакыз рыԥсҭазаара иазкны агазеҭ ианирԥшуан. Иазгәаҭатәуп иаҳагьы иоуз аԥышәа иабзоураны, иара изыманшәалан ихатәы бызшәа уамакала ицқьаны ахархәара, ари азанааҭ аҟны даара ицхыраагӡа дуны иман. Арҿиара знапы алаку зхатәы бызшәа бзиаӡаны ианидыруа уи даараӡа ихәарҭа дуны иҟазаауеит. Владимир Қапба абџьарс имаз ибызшәа акәын, уи ицхраауан", - ҳәа еиҭеиҳәет Аԥҳазоу.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0