"Раԥхьа ачымазара ҿкы анцәырҵ асабрадақәа ныҟәаагон, ҳацәшәон, аха аамҭа цацыԥхьаӡа иахәҭоу ахымҩаԥгашьа (апандемиа аан - аред.) ҳхашҭит: ҳныҟәоит, ҳаибабоит. Ауаа адәахьы шәцәырымҵын ҳәа раҳҳәом, аха гәыԥ-гәыԥла рахьҽеидыркыло изаацәоуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Ижәдыруеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡара иаҳа иацлеит. Арҭқәа азгәаҭаны иахьатәи ҳхымҩаԥгашьа заацәоуп, хәыҷык аҽеидкылара аҭахуп. Ҳара иахьа зегьы аԥсшьаҩцәа ҳарзыԥшуп акурорт ҳазладҳәалоу ала", - иҳәеит Барцыц.
Иара иазгәеиҭеит араион аҟны машьынала иҟоу аԥсшьаҩцәа шуԥыло, аха дара ашәарҭара рыҵаны иԥхьаӡӡом, избанзар апандемиа иадҳәалоу аԥкрақәа алагалахаанӡа иааны иангылаз роуп.
"Ачымазара иахҟьаны акарантин аларгалаанӡа иааз аԥсшьаҩцәа иахьа уажәраанӡа иаангыланы иҟоуп. Урҭ ҳара ашәарҭа ҳарҭоит ҳәа сгәы иаанагом, иҿыцны аӡәы даауеит ҳәа сызҳәаӡом, избанзар ус еиԥш иҟоу ауаа рацәа збом. Атәымуаа иаҳбац роуп Пицунда, Гагра иаҳбо. Аԥсны ахыи-аҵыхәеи зегь реиԥш Пицунда сахьынхогьы акурорт аамҭа ҟалоит ҳәа иазыԥшуп, аха ҳақьымк иаҳасабала уи аартра макьана изаацәоуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Ачымазаҩцәа рацәаҩны ҳхәышәтәырҭақәа рахь инеиуа иалагар, урҭ рыдкылара ҳалшом, 200-300 ҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара неир, иаҳцәыцәгьахоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Барцыц.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Маланиаԥҳа аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа раара иазкны: макьаназы алацәажәара уадаҩуп
-
Ахба: Аԥсны атуристцәа рашәарамза ахыркәшамҭазы ирыдыркылар алшоит