АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус амазааразы игәарҭеит даҽа 26-ҩык ауаа, урҭ рахьтә аӡәгьы COVID-19 имам ҳәа Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵоит.
Лаҵара 27 рзы аҭагылазаашьа абас иҟоуп.
"Аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟынтә иахьа аӡәгьы доушьҭымызт", – ҳәа азгәарҭеит аштаб аҟны.
Иахьазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ахәышәтәра иахысуеит ачымазара зцәа иалоу 11-ҩык апациентцәа. Иааидкыланы апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыхьит 28-ҩык ауаа. Урҭ рахьтә 15-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>