Краснодартәи акурортқәа рахь атуристцәа рнеишьа иалацәажәоуп

© Sputnik / Artur Lebedev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЮноша на велосипеде на набережной в Нижнеимеретинской бухте города Сочи
Юноша на велосипеде на набережной в Нижнеимеретинской бухте города Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 1инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аусура иалагоит амедицинатә зин ҷыда змоу асанаториақәа, амза аҩбатәи ахәҭазы, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалахар - апансионатқәеи аотельқәеи.

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә асанаториақәа рҭааҩцәа ирымазароуп уахь анеира азин ҟазҵо ашәҟәқәа ҳәа иҳәоит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа ахантәаҩы.

Пустые шезлонги на курорте во Флорида-Кис, закрытом для посетителей во время вспышки коронавируса  - Sputnik Аҧсны
Урыстәылаа рыбжаҩык макьаназы анҭыҵ аԥсшьара ацара иазхәыцуам

Рашәара 6 рҟынӡа Ҟәбан акарантин арежим ыҟоуп, арахь иаауа зегьы аҽыԥхьакратә режим иацныҟәар ауп асанаториақәа руак ахь имцозар.

Аҳаиртә баӷәазаҿ ма авокзал аҿы иаауа ОРВИ амазааразы агәаҭара иахрыжьуеит.

Хымԥада иаҭаху адокументқәа рахь иаҵанакуеит: апутиовка, акоронавирус шумам азы аршаҳаҭга (аҿҳәара — 48 сааҭ), авирус змоу ушрымныруаз (аҿҳәара – 14 мшы).

COVID-19 змоу ишрымныруаз азы аршаҳаҭга рымазароуп адуцәа реиԥш ахәыҷқәагьы. Асеиԥш аршаҳаҭга змам аобсерватор ахь инаргоит.

Ахатәы транспорт ала иаауа аҭыԥ аҿы апроцедурақәа зегьы ирхысуеит.

Аԥыза-министр Михаил Мишустин лаҵара 25 рзы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аамҭала аҳәаанырцә ныҟәарақәа рыҽрыцәхьаркырц, адунеи атәылақәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеиуеиԥшым азы.

Мишустин иазгәеиҭеит еиҳа ишшәарҭам иагьшеиӷьу атәыла аҩныҵҟа аԥсшьарамшқәа рыхгара, рашәара 1 инаркны амедицинатә зин ҷыда змоу асанаториақәа жәпакы аусура ишалаго.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0