Хәҩык амедусзуҩцәа акарантин ашьҭахь рыҩныҟа иоурышьҭит

CC0 / / Медицинский работник с маской
Медицинский работник с маской  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп 11-ҩык апациентцәа акоронавирустә инфекциа рыманы.

АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Хәҩык амедусзуҩцәа 14 мштәи акарантин ашьҭахь рыҩныҟа иоурышьҭит ҳәа аанацҳауеит акоронавирустә инфекциа аҟынтәи ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа акоронавирустә инфекциа амазааразы атестқәа ҟарҵеит 37-ҩык. Урҭ рахьтә аӡәгьы акоронавирус имам.

Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 28-ҩык. Урҭ рҟынтәи 15-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы дыԥсит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0