Ахҵәара ду иақәшәаз рыԥсҿыхразы ԥсыуаҵас аныҳәара мҩаԥгахоит

© Sputnik / Сария КварацхелияАжьырныхуа в селе Дурипш
Ажьырныхуа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша лаҵара 31 рзы гәыԥҩык аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа раԥшьгарала Аҟәатәи ашьхаҿы имҩаԥысуеит ахҵәара ду иақәшәаз ҳауаажәлар рыԥсҿыхразы аныҳәара. Абри аныҳәара аидеиа шцәырҵыз, изызцәырҵыз, насгьы иадгылаз ртәы еилылкааит афольклорист, Sputnik аколумнист Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Мышқәак раԥхьа, аинтернет ахархәарала, аԥсуа жәлар рахь ааԥхьара ҟаҵан: ахҵәара ду, арыцҳарақәа ирықәшәахьоу рыԥсҿыхразы амҽышаҽны, лаҵарамза 31 рзы ԥсыуаҵас аныҳәара амҩаԥгара иазкны. Ҳара ҳаҽлымаҳдеит ари ааԥхьара асоциалтә ҳақәа рҿы здаҟьаҿ ианызҵаз Аԥсуа радио аредактор хада Алина Ачԥҳа. Лара ишҳалҳәаз ала, ари аныҳәара амҩаԥгара аԥшьыргеит лара дызлахәу гәыԥҩык ауаа, урҭ ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ргәалашәара иадҳәаланы ас еиԥш амҩаԥгара ргәы иҭеижьҭеи акрааҵуан.

Кефкен. Турция. - Sputnik Аҧсны
Зқьыла аԥсҭазаарақәа ахьҿыцәааз Қьефқьен: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш азы

"Ари ҳара – гәыԥҩык ауаа: Гәында Сақаниа, Нодар Ҷанба, Ҭамила Аршба уҳәа иҵегь ыҟоуп, еибаҳҳәеит абас Аҟәатәи ашьхаҿы, аҭыԥ цқьак алхны аныҳәара мҩаԥаҳгарц. Уи ус аҟаҵара ҳгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан. Агәаҳәара зауа ауаа рҽаладырхәырц азынгьы аинтернет иҭаҳҵеит, изнеиуа, изҭаххо уа инеип, иҳавагылап, изымнеиуагьы рыҩнаҭақәа рҿы имҩаԥыргарц. Аԥсуаа рҟны еснагь иҟан уи аҩыза апрактика, акы иадҳәаланы акәымкәагьы, рхатә аԥшьгарала ахҿыхразы акәырбанқәа, аныҳәарақәа рымҩаԥгара, Анцәа ҳрыцҳашьа, нхыҵ-аахыҵ аԥсуа жәлар ахьыҟазаалак уаҳхылаԥш, ҳаиқәырха ҳәа. Уи аныҳәара атекстгьы анаҳҵеит", – ҳәа ҳалҳәеит лара.

Ишдыру еиԥш, иара ахҵәара иақәшәаз ргәалашәара амш азгәарҭоит лаҵарамза 21 рзы. Ари азалымдара, агәаҟра зхызгаз рыԥсҿыхразы аныҳәарагьы ари арыцхә иақәыршәаны имҩаԥыргап ҳәа акәын, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны уи ахыгахеит ҳәа лҳәоит Алина Ачԥҳа. Лара ишазгәалҭо алагьы, уи есышықәса имҩаԥыргало акакәны, традицианы иазышьҭарҵап ҳәоуп. Дара рыҽрымардеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаагьы, урҭгьы ари аныҳәара рҽаладырхәырц.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
Ацәашьқәеи ашәҭқәеи: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш шымҩаԥысыз

"Ҭырқәтәыла иҟоу ҳҩызцәагьы ҳаҽрымаҳдеит, ираҳҳәеит, урҭ аҭырқәшәахь еиҭагангьы иҟарҵеит, имҩаԥыргарц ауп. Аратәи ҳҩыза Аҭаман Кәыҿба иоума, издыруа зегьы, снапы ахьынаӡо ирасҳәоит иҳәеит. Иара ахҵәара иақәшәаз ргәалашәара амш азы лаҵарамза 21 азы имҩаԥаҳгарц ҳҭахын, аха иаҳзалмыршеит аҟнытә, 31 рзы иҟаҳҵарц иаԥшьаҳгеит. Иара агәалашәара амш ахаҭагьы аханатә ианалырхуазгьы иаҿыз ҳара ҳакәын. Уи 21 инаркны 31-нӡагьы иазгәарҭоит, убри аҟнытә амҽыша, лаҵара 31 алаҳхит ԥсуаҵасла амҩаԥгаразы. Уи ахәаџьа дааганы ҳа дҳарныҳәаӡом, ҳхала, агәаҳәара зауа, иҳавагыло, инеиуа, ҳныҳәоит", – ҳәа азгәалҭеит Алина Ачԥҳа.

Ари аныҳәара иадыргалоит ацәашьы, 21 цыра ахәажәақәа, ацха-ӡҩа, ахарҵәы-ӡҩа. Аныҳәара рхы аладырхәырц рылшоит згәы иаҳәо зегьы иара аныҳәарҭа ҭыԥс иахьалырхыз аҟын, мамзаргьы досу рыҩнаҭақәа рҿы. Иалагоит асааҭ 12:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0