Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: арратә маҵзурахьы инеиуа арԥарцәа аџьабаабара иашьцылам

Анапаҵаҩра
Аррахь ааԥхьаратә комиссиа амедицинатә ҟәша ахада Аслан Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аррамаҵзура иахысуа арԥарацәа абаҩрҵәыреи аспорти шрыгу атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьапуа аррамаҵзура иахысуа рзы

"Арра инеиуа арԥарацәа рцәеижь иаҳа иҭырҭәааны, аурақәа рыманы иҟазар ҳҭахуп. Урҭ ирныԥшуеит ҳтәылаҿы аспорт иазку аҷкәынцәа шмаҷу, дара урҭгьы зехьынџьара иҟаӡам. Рықәра ишаҵанакуа абаҩрҵәыра иахысӡом ашколқәа рҿы, амаҭәар ишахәҭоу зынӡагьы ирызнагам ҳәа агәаанагара сымоуп. Аҷкәынцәа рымч ҭам ҳәа зынӡа исызҳәом, аха рмахәҿа иаҳа иӷәӷәазар сҭахын. Аџьабаабара ишашьцылам убоит, уи ишиашоу ргәабзиара иадҳәалоуп. Аррахь иааиуа рҟынтә ақыҭаҟынтә иааз иаразнак дрылукаауеит. Урҭ аҩны махәҿала аус шыруа убаратәы иҟоуп, зҭаацәа ирыцхраауа гәаумҭар залшом", - ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0