Сшәишәи акоронавирус ишақәӡыз: иҟалаз ахҭыс

© Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИндюки во дворе дома в селе Ачандара в Гудаутском районе Абхазии.
Индюки во дворе дома в селе Ачандара в Гудаутском районе Абхазии. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥышәара аамҭа даҽакы еиԥшымкәа ауаа ирылоу аҟазшьақәа цәырнагоит. Аламыс злоу – ицқьара, излам – иҵымҳәҳәарра. Абри инадҳәаланы шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа дзыниаз ахҭыс иазку анҵамҭа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

"Амлакра ыҟан" анырҳәо, схаҿы аибашьреи уи ашьҭахьтәи аамҭақәеи ааиуеит, аха иахьа ҳазҭагылоу апандемиа злеиӷьу ҳәа акагьы збом, џьоукы-џьоукы акәтыршәрақәа ирҭаланы, аҵысхә рылатата аӷьычра иалагазар.

Лиудмила Цымцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Аҩнатә ԥсаатә удларц: Лиудмила Цымцԥҳа аҟәарҭ шхылҵо

Ҳара Гагра ақалақь ахатәы ҩны аҟны ҳанхоит азы, алшара ҳамоуп иҳазхаша кәытқәак ранҵара, уҭраҭыхқәак раарыхра. Ари адунеи иалаҵәаз акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны, сан еиҳагьы "ақыҭанхамҩа" лнапы алалкит. Дгьыл ҽыҭк ҭацәны иахьылбо, ма џьықәреик, ма ҟәыдк зҳәаз еиԥш ажәла ыҵалҵоит. Аиаша ҳҳәозар, аҿкы даара агәҭынчымра ҳазцәырнагоит, уаҵәтәи амш агәра ҳзымго аҟынӡа ҳнеиуеит. Сан, апандемиа шаанҵәо еиԥш, арбаӷь ду шысшьуа ҳәа аҿаҭахьагьы лықәылҵеит Анцәа иҿаԥхьа.

Иҳамоу жәа-кәтык ирылакын ашәишәи рбаӷьгьы. Уи ацыхәтәантәи аамҭазы иаалырҟьаны сҭаца илчахуа далагеит, аҳәаа шаадыртлак исшьуеит ҳәа хазы ларгьы ҿаҭахьаны лгәы иҭакны. Акәтыршәра амҩа иаԥнуп азы, иниас-ааиасуаз "ипазанаха" ишԥаҟоу ҳәагьы рылаԥш аддырхалон. Лаҵарамза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҳазлеиз ақәаршҩы, адыд-амацәыс зцыз амшцәгьа рхы иархәаны ҳшәишәи лаԥшықәызҵаз џьоукы, ҳара ҳаԥхьа "аҿаҭахьа" рықәырхырц рыӡбазаап. Жәацы ашьыжь ҳгылазар, иҽырба-ҽырбо иуԥылоз ашәишәирбаӷь убар иаахә…

Иахьа мҽышоуп, ԥсшьарамшуп. Абри ашәишәи гашьас иарҭеи ҳәа хәмаршақә, аамҭа схы иархәаны, ажурналисттә усеилыргара сҽазысшәеит.

Раԥхьа иҭысҵааит аӷьыч ҳгәарабжьара дышнымхоз, избанзар акәтыршәра иакәыршаз аихыршь (сетка) аҭаларҭа ахьамаз изымдыркәа, шьапыла ихырҽаланы дахыҵит. Насгьы аҩыза дицын, ашәишәи анышьҭих, аанда иахыганы ииҭеит. "Ипазанаха" иҟаз, "аҳәаа аартра" иазкыз ашәишәи амчгьы амамзи, ишәаны аҽанаҟьа, ахәы каԥсеит. Скылԥшкылӡырҩуа акәтыршәра сышҭагьежьуаз, аихыршь (сетка) ақәцәан иалыҳәҳәоз аҿарԥагақәа, аба ацаха ахьынҳалан, снахәаԥш-аахәаԥшын ижәпан, аԥштәы еиқәаҵәан. Уажәшьҭа еилыскааит аӷьыч иеиқәа шаҿаԥаз.

Аҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анҷакәынҷа: аԥсаатәқәа рынцәахәи аҵыс бызшәеи

Хымԥада ҳшәишәи анаҳамба, агәрамгарақәа ҳазцәырҵит џьоукы-џьоук рахь, избанзар аӷьыч ссақәа "рыфҩы" рхын.

Саргьы џьара имтәо амыжда соуми. "Афҩы" зхыз руаӡәы даҳцәыхарамызт азы, игәашә савсны снеиааирц сыӡбеит.

Иахьа икылԥхаз амра иаҭаны, иԥшәмаԥҳәыс лыӡәӡәатә лырбон. Ашашәаҿы икнаҳаз амаҭәақәа санрылаԥш, снапаҿы искыз аба еиқәаҵәа ацаха еиԥшыз аиқәагьы сылаԥш нақәшәеит. Аӡәы сибаанӡа уи ацаха рашҭа иҭасыршәит, "рымшьҭацәгьа дара ирзынхарц" азы. Абас ҿымҭӡакәа ашьыжь аус еилсыргеит. Аха изызӡари, сгәы иалсит. Дареи ҳареи ҳаиҩызцәамзаргьы, аԥсшәа ҳабжьан. Избан абри аҩыза рхы изаҭәаршьаз? Арыжәтә џьбарахь ашьцылара змоу, насгьы акоронавирус иахырҟьаны уажәазы аус зымуа ауаа, аиеи нас, иранасыжьп сҳәан, аҩныҟа сҿынасхеит. Ани ацаха сшамжьаз атәгьы агәра згеит, раанда иадтәаланы ашәишәи ахы зфоз алагьы анызба.

амхы - Sputnik Аҧсны
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Аԥсуаа рҟны аӷьычра ахатәы ҵакы аман. Иуӡо зеиԥшроу еиԥш, ахаҵарагьы анаанарԥшуаз ыҟан. Аха аԥсаатә аӷьычра зынӡа иҳаҭырларҟәран. Сшәишәи ахҭыс ашьҭахь исгәалашәеит даҽа ҭоурыхқәак. Аибашьра ашьҭахь, хаҵак ауаа рыкәтыршәра дышҭалаз анырба, адәахьала алыкә ахаҵаны дыҩнаркзаап. Иара ииҳәашаз анимоу: "Мама дыԥсааит акәытқәа ракәӡам, арбаӷьқәа роуп изгоз" ҳәа ҿиҭзаап, уи иахьагьы лафны ианаламцәажәо ыҟаӡам ҳгәылацәа.

Санду лаҳәшьа лкәытқәа аҵлаҿы акәын иахьԥхьарылоз азы, уи гәазҭаз лгәылак анааилахәлалак аҵла ахыӷәралаба (швабра) кны дыҵатәон. Акәты амахә иацәҩашьаны ахыӷәралаба ианықәтәалак, ԥшьаала илбааигон. Амала жәабаҟа анылцәига ауп "иус" анаргамаха.

Ҳгәарабжьараҿы ҳара ҳадагьы акәытқәа змоу рацәаҩуп. Урҭгьы лассы-лассы "анапы" аԥхасҭа рынаҭоит. Зынӡа иаҳзааигәаны инхо џьоукы раанда унапы нахугар, рыкәтыҵрантәи акәтаӷьқәа ӡаны иугартә еиԥш иҟазаап. Зылаԥш иҵашәаз ԥҳәыскгьы, Анцәа исиҭеит лгәахәазшәа, лнапы ҭылшьуа далагеит. Аԥшәмацәа "бызҿу закәуи" ҳәа ианлыдгыла: "Шәыбжьы заҟароузеи, ауаа ираҳауеит!" – ҳәа дааҳәны дара дырҿагылеит…

Аҩнатә кәты ажьы бзиа изымбода, аха сарак акалашәа саҿыԥсаауеит. Уажәааигәа сҩыза Лиудмила Сергьегьиаԥҳа "ари ббо, ишшаԥацалаха Гәдоуҭатәи саҳәшьаԥҳа исзаалышьҭыз" ҳәа арбаӷь дахыҽхәаауа архьшәашәага иҭыганы ианслырба, "ус акәӡам, ичаԥаны, ачанах ианҵаны саԥхьа иаажәг" ҳәа алаф аалылсхит. Мышқәак анҵы, еилкаахеит луаҭах аремонт ҟазҵоз аусуцәа аҵыхәтәантәи амш азы ианыҩныҵуаз ирыманы ишцаз. "Сара исҿашәымҵаӡеит азы, ишәықәнагоуп" ҳәагьы еиҭа алаф лхысҳәааит.

Ажәакала, аибашьра ашьҭахь еиԥш аамҭа хьанҭахеит. Акоронавирус ирлас иаҳхымҵыр, ауаа аус рзымур, акәытқәа раасҭа еиҳау ацәыӡқәа ҳауа ҳҟалоит, аха усҟан анажьра уадаҩхоит…

Уажәазы акоронавирус ахырқәшара иазку сан лырбаӷь "ашәарҭара" иҭагылоуп…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0