АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы авирус змаз рҟынтәи 70% ргәабзиара шьақәгылеит ҳәа аанацҳауеит Ҟәбина ахадара.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла арегион аҿы 84 хҭыс ҿыц аҭыԥ амоуп COVID-19 ачымазарз.
"Иахьазы ачымазара рымоуп ҳәа ишьақәыргылоуп 3908-ҩык. Урҭ рҟынтәи 233-ҩык хәыҷқәоуп, 2748-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 33-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Арыԥҳақәа рҳауаҭарсра иахыргеит 35 пациент", - ҳәа аҳәоит арегион агәабзиарахьчара аминистрраҿы.
Амедицинатә усҳәарҭақәа рахь акоронавирус рымазар ҳәа идҵаалеит 9771-ҩык. Астационар аҿы аҽыхәышәтәра иахысуеит 2191-ҩык, 205-ҩык хәыҷқәоуп. Аполиклиникақәа рҿы агәаҭара иахысуеит 13466-ҩык, 586-ҩык хәыҷқәоуп.
Аԥсны акоронавирус апандемиа ҟалазар аахыс 28 хҭыс аҭыԥ амоуп. Аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>