Ашкол ахь ихынҳәит: аԥснытәи аушьҭымҭацәа аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПодготовка выпускников к экзаменам
Подготовка выпускников к экзаменам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1 - 10 аклассқәа рҵаҩцәа рҵараамҭа хыркәшахеит лаҵара 13 рзы акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны. Аушьҭратә ԥышәарақәа рыда егьырҭ аԥыхын.

Аушьҭымҭацәа ракәзар, рашәара 2 инаркны аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵара иазыхынҳәит. Дара рзы акарантинаамҭа шымҩаԥысыз, аҵаратә процесс ашьақәҟьара шырнырыз уҳәа Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Sputnik

Акарантин аан аҵара

Акоронавирус инадҳәаланы иҟаз аԥкрақәа аҵаратә процесс анырра анамҭар залшомызт, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аформат ҿыц ахь ииасыр акәхеит. Иҟан онлаин-урокқәа зхы иазырхәоз, иҟан уи ззалмыршоз.

Феликс Джинджия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьиа аҵарашықәс ахыркәшаразы: даҽа аамҭанык еиԥшым аиҭакрақәа алагалоуп

Убри аан арҵаҩцәа иазгәарҭоит рҵаҩцәа шгәыгәҭажьмыз, ҭелла ишазыҟарҵоз.

Аҵарамшқәа раԥхьатәи амш азы Sputnik аҭыхратә гәыԥ аҟәатәи ашкол №1 аҿы дырԥылеит ашкол аусзуҩ. Лара лаԥхьа астол аҿы иқәгылан арзҩыдырытә маҭәашьар. Ажурналистцәа иралҳәеит аҩнуҵҟа аҩналаразы рнапқәа ари амаҭәашьар ала идырзҩыдар шакәу. Аӡәгьы уи мап ацәимкит.

Ашкол адиректор Нонна Делԥҳа илҳәеит сынтәа 37-ҩык аушьҭымҭацәа шыҟоу.

"Аԥсны ашколқәа зегь реиԥш ҳаргьы акарантин аҿы ҳаҟан. Аха абри аамҭазы аҵаҩцәеи ҳареи аимадара ҳаман. Уахь зегь аҵанакуамызт, избанзар техникала еиқәшәам ыҟоуп. Урҭи ҳареи ҭелла ҳаимадан", - лҳәоит лара.

Ашкол анапхгаҩы илҳәеит ашәарҭадаратә ԥҟарақәа зегьы ишрықәныҟәо. Аушьҭымҭацәа ԥшь-гәыԥкны еихшоуп ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рыбжьара иахәҭоу ахарара рыбжьазарц азы.

Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какоба: атрадициатә ҵара адистанциатә иаԥсахуеит ҳәа зыԥхьаӡо среиуам

Аушьҭымҭа Иарна Гьемуаԥҳа иазгәалҭеит акарантин аан арҵаратә процесс ԥырхага шамоуз, избанзар аҩны еснагь аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥылгон.

"Маҭәарқәак онлаин сҽазыҟасҵон, уи адагьы аҵареи аҽазыҟаҵареи еидызбалон. Иахьатәи аурокқәа зегьы маншәаланы имҩаԥысит. Апрограмма ҳаҵахаӡом. Ԥхьаҟатәи сзанааҭ алысххьеит. ААУ аҟны "асервиси атуризм" афакультет аҭалара гәҭакыс исымоуп", - лҳәеит лара.

Иарна лажәақәа рыла, аушьҭымҭацәа аныҳәа ахьыҟамло гәалас ирымоуп.

"Аҵыхәтәантәи ахәылԥаз зегь ҳазыԥшын, ҳапланқәа дуун, аха авирус зегь шьақәнаҟьеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Акарантин иҟанаҵаз аиҭакрақәа

Арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи рзы ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа еиҿкаауп Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҿгьы. Уа дҷаԥшьоит амедиаҳәшьа. Уаныҩнало ушоура лшәоит, унапқәа арзҩыдага рхьылшьуеит.

Аԥышәара ацынхәрас аиҿцәажәара: ААУ аҭалара дырмариар ауеит - Sputnik Аҧсны
Аԥышәара ацынхәрас аиҿцәажәара: ААУ аҭалара дырмариар ауеит

Апандемиа иахҟьаны ари ашкол аушьҭымҭацәа руаӡәк иалихыз азанааҭ иԥсахит. Михаил Ҭарба гәҭакыс иман москватәи аҵараиурҭаҿы "Аӡыргареи ауаажәларра рымадареи" афакультет аҭалара. Уа аҭаларазы аролик ҭыхтәын, аха авирустә ԥкырақәа ирхырҟьаны изынамыгӡеит.

Егьи аушьҭымҭа, Екатерина Мирошниченко илҳәеит ашкол шыгәхьаалгоз, арахь ахынҳәра дшеигәырӷьо.

"Акарантин иҳамнахит еицаҳхаагараны иҟаз аамҭа. Аушьҭратә ԥышәарақәа, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ахәылԥаз – абарҭ акгьы ҟалом. Аҵара аганахьала сара ԥырхага смоуит. Схала сҽазыҟасҵон", - лҳәеит Екатерина.

Ашкол адиректор Ирина Повирскер еиҭалҳәеит акарантинаамҭаз онлаин-ҵара шымҩаԥыргоз.

"Ҳара 55-ҩык ҳаушьҭымҭацәа 11 класс иалгоит, 111-ҩык 9 класск иалгоит, аха урҭ аԥышәарақәа рҭиуам. Аԥшьбатәи аԥшьбарак аан ҳазхьымӡаз ҽаанахьы ииаагоит", - лҳәеит адиректор.

Аушьҭымҭацәа ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аурыс бызшәеи алгебреи рзы аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵоит ҳәа еиҭалҳәеит Ирина Повирскер. Лара илҳәеит ашәарҭадара аԥҟарақәа ишрықәныҟәо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0